Гәдоуҭа араион аҟны алхрақәа мҩаԥысуеит

© Sputnik Бадрак АвидзбаГәдоуҭа араион аҟны алхрақәа.
Гәдоуҭа араион аҟны алхрақәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Араион аҟны иааидкыланы 29 алхратә округқәа ыҟоуп, 54-ҩык адепутатрахь ркандидатура ықәгылоуп.

ГӘДОУҬА, мшаԥымза 3 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Гәдоуҭа араион аҟны алхратә ҭыԥқәа аартын ианаамҭаз, ашьыжь асааҭ ааба рзы, иҳәеит Гәдоуҭа араион алхратә комиссиа аиҳабы Лаврент Гәбаз.

"Алхратә ҭыԥқәа зегьы рҟны абжьыҭира амҩаԥгара иазыхиоуп. Дара аартын ианаамҭаз, алхратә комиссиа алахәылацәа еиқәыршәоуп иахәҭоу амаҭәахәқәа рыла. Араион аҟны иааидкыланы 29 алхратә округқәа ыҟоуп, 54-ҩык адепутатрахь ркандидатура ықәгылоуп ", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Лаврент Гәбаз иажәақәа рыла, Гәдоуҭа араион 24 нызқьҩык алхыҩцәа ыҟоуп.

Гәдоуҭа араион алхратә ҭыԥхада №17 алхратә комиссиа аиҳабы Лиудмила Ристова ишылҳәаз ала, алхратә ҭыԥ абжьыҭира иазыхиоуп.

"Ҳара иалҳхуеит Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь адепутатцәа. Алхратә ҭыԥ ааҳартит ианаамҭаз, уажәтәи аамҭазы аилагара ҳәа акгьы ыҟам", — ацылҵеит Ристова.

Аҵыхәтәантәи аҭыԥантәи алхрақәа мҩаԥган жәабран 12, 2011 шықәсазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0