Афон Ҿыц ақалақь аҿы адепутатцәа ралхрақәа амҩаԥысра иаҿуп

© Sputnik Саид БарганджияАлхырҭатә ҭыԥ.
Алхырҭатә ҭыԥ. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афон Ҿыц алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 1200-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Ақалақьтә еизара ашҟа ркандидатура ықәдыргылеит хҩык, ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь 13-ҩык.

АФОН ҾЫЦ, мшаԥымза 3 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Афон Ҿын ақалақь аҿы адепутатцәа ралхрақәа амҩаԥысра иаҿуп, лҳәеит алхратә комиссиа амаӡаныҟәгаҩ Марианна Аҩӡыԥҳа. 

Уи ишазгәалҭаз ала, асааҭ 14:10 минуҭ рзы алхрақәа рыҽрыладырхәит 25% инареиҳаны алхыҩцәа. 

"Афон Ҿыц алхратә ҭыԥхадақәа хԥа ыҟоуп. Алхратә ҭыԥхада №26 аҿы 599-ҩык алхыҩцәа рҟынтә рыбжьы рҭихьеит 154-ҩык. Иара убас, алхратә ҭыԥхада №27 аҿы 415-ҩык алхыҩцәа рҟынтә рыбжьы рҭихьеит  120. Алхратә ҭыԥхада № 28 аҿы рыбжьы рҭихьеит 300-ҩык алхыҩцәа рҟынтәи 134-ҩык", — ҳәа азгәалҭеит Аҩӡыԥҳа.  

Марианна Аҩӡыԥҳа лажәақәа рыла, алхрақәа мҩаԥысуеит иҭышәынтәаланы, еилагарада. Иазгәаҭатәуп алхрақәа рышҟа инеиуа ауаа рхыԥхьаӡара шырацәоу.

"Сара иахьа смилаҭтә уал насыгӡеит. Уи иахәҭоуп ҳәа иагьысыԥхьаӡоит. Зусура ииашаны иазнеиуа адепутат имаҷымкәа азҵаарақәа рыӡбара илшоит. Сара сыбжьы зысҭаз адепутат сгәыӷрақәа идысҳәалоит, атәанчаҩцәа ҳгәы иҵхо иҳамоу апроблемақәа рыӡбараҿы дҳавагылап ҳәа ҳгәыӷуеит", — лҳәеит алхыҩ Татиана Иванова. 

Аҵыхәтәантәи аҭыԥантәи алхрақәа мҩаԥган жәабран 12, 2011 шықәсазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0