Шьалуа Гыцба аорден "Ахьӡ-аԥша" II аҩаӡара ианашьоуп

© Sputnik Анжелика БенияШьалуа Гыцба аорден "Ахьӡ-аԥша" II аҩаӡара ианашьоуп.
Шьалуа Гыцба аорден Ахьӡ-аԥша II аҩаӡара ианашьоуп. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба иусԥҟала атеатртә ҟазара арҿиара аус аҟны илагаламҭа ду азы Шьалуа Гыцба ианашьан аорден "Ахьӡ-аԥша" II аҩаӡара.

АҞӘА, мшаԥымза 4 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аԥсны атеатртә ҟазара арҿиара аус аҟны илагаламҭа ду азы Аԥсны аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Шьалуа Гыцба аорден "Ахьӡ-аԥша" II аҩаӡара ианаишьеит.

Рауль Ҳаџьымба актиор Шьалуа Гыцба аԥсуа театр ахь иалагала ду дазааҭгылеит. 

"Сгәы иаанагоит ҳажәлар ари ажәабжь гәахәара дула ирыдыркылап ҳәа. Шьалуа Гыцба иџьабаа кырӡа ирацәоуп. Ирольқәа, иусумҭақәа ибзианы ирдыруеит. Аԥсуа театр ахь илагала рацәоуп.  Иахьа иҳамоу Шьалуа Гыцба иҩызцәа аиҳабацәа, аԥсҭазаараҟны аџьабаа дуӡӡа збахьоу, пату рықәҵатәуп. Аҳәынҭқарра аганахьала иҳалшо ала ҳшәыцлартә еиԥш аҭагылазаашьақәа аԥаҳҵоит", – иҳәеит Ҳаџьымба.

Sputnik Аԥсны акорреспондент Шьалуа Гыцба даниҿцәажәоз, актер дазааҭгылеит раԥхьатәи асценахь ицәырҵреи, бзиа иибо ирольқәеи уҳәа ртәы.

Апроект "Атеатри аԥсҭазаареи" иациҵоит Аԥсны жәлар рартист Шьалуа Гыцба

"Анцәа дхасҵоит сара, Анцәагьы дсымоуп, Анцәа идоуҳамчала ауп аинститут сышҭалазгьы, атетар ахь сшьаҿа зеихызгызгьы. Схәыҷаахыс офицарс сҟалозар ҳәа, уи атематика сашьҭашәарыцон, аԥсҭазаараҿы с-инралмхазаргьы, сыԥсҭазаара зегьы здызҳәылаз атеатр аҟны, асценаҟны с-аинралын, с-полковникын, с-генералиссимусын", — ҳәа иҳәоит актиор.

Аԥсны жәлар рартист Шьалуа Гыцба диит 1935 шықәса мшаԥы 3 рзы.

Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан актиор еиуеиԥшым арольқәа дыхәмарит: Смирнов ("Медведь" Антона Чехов), Маркиз де Поза ("Дон Карлос" Фридрих Шиллер), Дон Алонсо ("Дон Алонсо" Педро Кальдерона Де Ла Барка) убас иҵегь акырџьара.

Иара убас Гыцба акино аҿы арольқәа наигӡон, урҭ рахьтә "Время счастливых находок" — 1969 ш., "Робинзон Крузо" — 1972 ш., "В ночь на новолуние" — 1977 ш., "Колокол священной кузни" — 1982 ш., убас егьырҭгьы.

1974 шықәса рзы напхгара азиуан адраматә кружок. 1985 шықәса рзы иара "Аԥсны жәлар ртеатрны" иҟалеит, анаҩс иҳәынҭқарратәхеит.


Ажәабжьқәа зегьы
0