Рауль Ҳаџьымба Аминистрцәа Реилазаара аусушьа дақәыӡбеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Ҳаџьымбеи Аминистрцәа Реилазаареи реилацәажәара
Рауль Ҳаџьымбеи Аминистрцәа Реилазаареи реилацәажәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Аминистрцәа Реилазаара аусура шьшьылаҳауп ҳәа, инапынҵақәа ишаамҭоу еиԥш инарыгӡом ҳәа.

АҞӘА, мшаԥымза 4 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Аминистрцәа Реилазаара аусура шьшьылаҳауп ҳәа, инапынҵақәа ишаамҭоу еиԥш инарыгӡом ҳәа, ашәахьа, мшаԥымза 4 рзы имҩаԥысыз аилацәажәараҟны.

"Ацәажәарақәа рҟынтәи аусурахь ииастәуп. Ҳәарада Аминистрцәа Реилазаара акгьы ауам ҳәа аҳәара иашам, аха ишаҳҭахыҵәҟьоу еиԥш зегь еиқәышәшәа иҟам. Иҟоуп агхақәа. Иара убри аан агхақәа еиҳа еиҳауп аихьӡарақәа раасҭа", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит инапынҵақәа атәылаҟны аԥсахрақәа ишырзырхо. Урҭ рынагӡара акоррупциа аҿагылареи абизнес аҿиареи ацхыраара шрырҭо.

Аԥыза-министр Артур Амқәаб иажәақәа рыла Аминистрцәа Реилазаара ирыҭоу аҿҳәарақәа рыҽҭарыгӡоит. Иара убри аамҭазы еснагь зҟазара ҳараку ауаа рыҟамзаара аусура ианыԥшуеит.

Рауль Ҳаџьымба. - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: азакәан аус амур ҟалаӡом

Иара убасгьы иҳәеит анаплакра ҿыц иаԥшьызго ауаа рҳәынҭқарратә цхыраара асистемазы азакәан аус адулара иаҿуп, арепатриациазы аҳәынҭқарратә программа акәзаргьы архиара иаҿуп, азакәанқәа аинвентаризациа рзурагьы апроцесс ацара иаҿуп.

"Аусурақәа рымыццакра сгәаԥхом. 2014-2015 шықәсқәа рзы ирыдкылаз 220 закәан анализ рызууп, аха аибашьра ашьҭахь ирыдкылаз азакәанԥҵаратә база зегьы макьаназы кьыс амам уҳәар ауеит. Урҭ азакәанқәа аус руртә еиԥш анормативтә документқәа рыцым иахьанӡагьы", — иҳәеит атәыла Ахада.

Хазы дазааҭгылеит ашәахтәқәҵара аусхк аҟны аҭагылазаашьа.

Иара аҽазныкгьы инаҵшьны иазгәеиҭеит Жәлар реизарахь инашьҭымҭаҟны иарбоу адҵақәа ианаамҭоу ишынагӡатәу.

Ажәабжьқәа зегьы
0