Ҳаԥсуажә ҳара иаҳҭахуп

© Sputnik / Анжелика Бения Архивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәқәа рычҳара дууп, рыхш акәзар европатәи ажәхкқәа рыхш аасҭа ахәшара амоуп, ҳәа ҳаиҳәеит Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар.

Наала Аҩӡыԥҳа. Sputnik

Аԥсуа рахә аҵанакуеит иҩнатәхаз, еиҳа ижәытәтәиу европатәи ажә аформа, ҳәа азиԥхьаӡоит аҵарауаҩ, Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар.

Асеиԥш алкаақәа рыҟаҵара азин ирҭеит аԥсуа жәқәа европатәи ажәқәа изларылукаауа рҷыда ҟазшьақәа.

Ахәыҷреи адуреи хаданы иҟам

Аҵарауаҩ аиԥшымзаарақәа раԥхьаӡа акәны дрызхьаԥшит 1989 шықәса рзы.

"Сасны дысҭан Австралиантәи сколлега, абиолог. Иареи сареи зны ашьха ҳәырҭақәа рахь ҳахьхалаз дназлаԥшыз арахә "сара ахаангьы ариаҟара ихәыҷу рахә сымбац" идырҳәеит. Саргьы ари ауаҩ акыр ныҟәарақәа шымҩаԥигахьаз дыруа сиазҵааит "узлацәажәо иарбану" ҳәа. Раԥхьа сылаԥш зықәшәаз арахә ршьапхыц ахьауу ауп иҳәеит", игәалаиршәоит Дбар.

Абри аицәажәара аԥсуа ҵарауаҩ ихамшҭкәа иаанхеит. Маҷ-маҷ аинформациа аизгара далагеит. Аҭыԥантәи ажәқәагьы рҷыда ҟазшьақәа акыр ааирԥшит.

Арҭ аҟазшьақәа ируакуп арахә рхышәа-ҵышәа. Аԥсуа рахә даара имаҷуп шәагаала.

Зегь рзеиԥшра

Аԥсуа жәқәа ахьҭагь рычҳауеит, аҷыхьгьы рылсуеит. Аӡынгьы ҭакырҭак инҭамгылаӡакәа ирхыргар алшоит. Аԥснытәи аҳауаҟны украинатәи асакаратә жәқәа ацәаакыра ӷәӷәа рзыхгаӡом иҳәоит Дбар. Урҭ ирласны ачымазарақәа рызҵысуан.

"Ҳара ҳажәқәа аӡынгьы гәаҵаӷара аӡы иӡаагыланы иубар алшоит. Ҳаскьынқәаки маҵәқәаки рыԥшаауеит ирфаша ҳәа", — иҳәоит иара.

Уи адагьы аԥсуа жәқәа ибзианы иӡсар рылшоит.

"Ҳара ҳажәқәа ибзиаӡаны иӡсоит. Аӡиасҵәҟьагьы иӡсаны ирсыр рылшоит егьи аганахь дара рзы акрызҵазкуа фатәык рылаԥш иҵашәазар".

Змаҷра зԥырхагам

Арахә. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Амҩадуқәа ирну иҭынхадоу арахә: милаҭтә колориту мамзар шәарҭароу?

Физиологиатә ҷыдараны еиҭахгьы аԥсуа жәқәа ирымоу ахш маҷны иахьроуа ауп. Аԥсуа жәы иамҵуа литрак, ҩ-литрак ианеиҳаха х-литрак роуп. Аҳәыс ааӡаразгьы ариаҟара ахш азхараны иҟамызт ҭагылазаашьак акәымзар. Аԥсуа жәқәа рыхш европатәиқәа раасҭа ҩынтә-хынтә еиҳаны ахәшара алоуп.

Иҟаҳҵап алкаақәа

Абарҭ аҷыдарақәа зегьы аԥсуа жәы егьырҭ ажә хкқәа ирылыркаауеит. Урҭ ҟазшьарбагоуп – аԥсуа жәы ажәытәӡатәиқәа ишреиуоу урбаразы.

"Дара ажәытәӡаахыс ԥсахра рымам. Ажәытәӡа ишыҟаз еиԥш иахьанӡа иааӡеит".

Европатәи ажәқәа акырӡа иԥсахуп, азоотехникеи азооветиранариеи ирыдырулаз аус инадҳәаланы. Уаҟа дара рбаразы аҭагылазаашьақәа зынӡа иҽакуп.

Аԥсуа жәқәа аԥсабаратә екологиатә факторқәа рнырра иацәымшәо ирыдыркылоит, иҳәоит Дбар.

Ажәабжьқәа зегьы
0