Рауль Ҳаџьымба ААУА ахаҭарнакцәа рԥылара мҩаԥигеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАтәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба.
Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рауль Ҳаџьымбеи Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама Ахеилак ахаҭарнакцәеи (ААУА) аиԥылара рыман. Аиԥылараан Аҧсны аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭыҧ зауз ауахәаматә еилибамкаара аҭышәныртәалара азы амҩақәа рыҧшаара азҵаара иазааҭгылеит.

АҞӘА, мшаԥымза 6, Sputnik. Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба аганқәа рахь ихы рханы, аҳәынҭқарра аҭышәынтәалара иаҧырхагоу аиҿагылара ааныркыларц аилибакаара амҩа азырыԥшаарц аҳәара ҟаиҵеит.

Хаҭала, аб Дорофеии иара идгылаҩцәеи рахь аҳәара ҟаиҵеит ауаажәларра зегьы еицырзеиҧшны хра злоу хырхарҭак аҳасабала азҵаара рыӡбарц, Аԥсны аметрополиа Ԥшьа ААУА иаларкхарц.

ААУА аамҭала ахада инапынҵақәа назыгӡо аб Виссарион (Аԥлиа) иазгәеиҭеит аилацәажәарақәа акраамҭа шыҵуа имҩаԥыргоижьҭеи, азҵаара аӡбразы еиуеиԥшым азнеишьақәа ирылацәажәахьоижьҭеи.

"Аканонтә ӡбара аиуразы ҳара ҳазқәышаҳаҭхаз рацәоуп, аха макьаназы лҵшәа бзиа ҳамам", — иҳәеит иара.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит: "аҭоурыхтә-культуратә ҭынхақәа рахь иаҵанакуа аобиектқәа аҿҳәара амҭаӡакәа, хәыда-ҧсада ахархәаразы аҭара" ҳәа хыс иаманы, ҧхынҷкәын мза 28, 2010 шықәсазы иҭыжьыз аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара инақәыршәаны, Ацқьаҧшьаҩы Симон Кантәи ихьӡ зху ахацәа рберҭыҧи, уи адгьылҵакыраҿы иҟоу аныхабаақәеи, Афон Ҿыц ауахәамеи, Пицундатәии Аҟәатәии Аепархиа анапаҵаҟа ииагоуп" ҳәа.

Аиереи Виссарион. - Sputnik Аҧсны
Аиереи Виссарион: ҳара абзиеибабара ҳацәмаҷхеит

Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, иарбоу аҵакырадгьылқәеи уа иҟоу амазареи рхархәаразы азин змоу Аҧснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама ауп. Иарбоу аӡбара ариашареи аиҭакреи иаҵанакӡом.

Иара убри аамҭазы, Рауль Ҳаџьымба ари азҵаара аӡбараан ауаажәларра рыбжьара иҟоу агәаанагара хымҧада ҳасаб азутәуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

"Ҳара акала ҳауаажәлар адинхаҵара аганахьала реиҿагылара алҳмыршароуп. Уи даара ишәарҭоу усуп. Убри инамаданы, иҟоу аҭагылазаашьа, иагьа иуадаҩзаргьы аиҿцәажәарақәеи аиҧыларақәеи раҳасабала арҽеира хымҧадатәиуп”, – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Ажәабжьқәа зегьы
0