Арыцқьагатә система аусушьа гәарҭоит

© Sputnik Томас ТхайцукАрыцқьагатә система аусушь агәаҭара иаҿуп.
Арыцқьагатә система аусушь агәаҭара иаҿуп. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә рҿиара ацхрааразы Акомплекстә план иаҵанакуа аобиект аргылара иалагеит 2012 шықәса рзы.

АҞӘА, мшаԥымза 6 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә рҿиара ацхрааразы Акомплекстә план иаҵанакуа аобиект, арыцқьагатә система аусушьа агәаҭара иаҿуп, абри атәы лҳәеит ақалақь акоммуналтә-нхамҩатә усбарҭа аиҳабы Елена Атепина.

"Арыцқьагатә система аусушьа гәаҳҭеит аҭырқә ган аперсонал разыҟаҵареи аҵыхәтәантәи аиқәыршәарақәеи хнаркәшеит. Асистема аус бзианы иауеит. Аҭыԥ змоу агхақәа ашықәс аҩныҵҟа рҭыԥ иқәҵахоит. Иҟоуп ауадаҩрақәа – урҭ фымцала асистема аиқәыршәара иадҳәалоуп", — лҳәеит лара.

Атепина лажәақәа рыла аканализациатә црыҵқәа арыцқьагатә системахь ишиашоу инеилоит.

"Уаанӡа урҭ амшын иалалон. Уажәы дара ԥшь-етапкны арыцқьара иахысуеит. Аҭыҵырҭаҟны атехникатә ӡы аҳасабала инеиуеит. Ахархәарагьы ауеит. Ауааԥсыра рахь аҳәара ҟаҳҵоит аканализациатә еизгарҭақәа ирбо ҭармыжьларц, ашша змоугьы уахь иналаҵаны", — лҳәеит лара.

Атепина иара убасгьы дазхьаԥшит асистемаҟны абиологиатә рыцқьара атехнологиа ахархәара шаиуа.

Аҟәа ақалақь арыцқьаратә цәаҳәақәа русура алагара аҿҳәара иахыгоуп

"Арыцқьагатә система аӡқәа еиуеиԥшым аилазаарақәа рҟынтәи иарыцқьоит. Урҭ иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара аԥхасҭа арымҭо иҟалоит. Раԥхьа иргыланы уи ҳара ҳгәабзиароуп, ҳекологиоуп", ҳәа ацылҵеит Атепина.

Еиҳа инарҭбааны асистема аусушьа атәы далацәажәеит аргыларатә еиҿкаара анардадаҩ Валери Гериа.

Иара иажәақәа рыла аобиект инагӡаны аусура алшоит.

"Аусурақәа зегьы адиспетчертә пункт аҟынтәи аус рулоит. Уаҟа иҟоуп анапхгаратә пульт. Аманитор аекран аҟны иубоит анапхгара асхема зегьы. Аманитор иадтәалоу аоператор аусура зегьы напхгара аиҭоит", — иҳәеит Гериа.

Арыцқьагатә систематә комплекс аусуҩцәа рыштат 47-ҩык рҟынӡа аҵанакуеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә рҿиара ацхрааразы Акомплекстә план иаҵанакуа аобиект аргылара иалагеит 2012 шықәса рзы. Аобиект аргылара иахҭынҵоуп 600 миллион мааҭ. Апроект инақәыршәаны асистема аус аднаулоит 30 000 кубометр рҟынӡа аканализациатә ӡыцрыҵқәа уахыки-ҽнаки ирылагӡаны.

Арыцқьагатә комплекс Аҟәа инахыкны 13 километр рҟны иҟоу, аибашьраан ааха ӷәӷәа аиуит. Убри инадҳәаланы 20 шықәса инарзынаԥшуа аус ауамызт. Абарҭ аамҭақәа рзы аӡыҟьашьқәа зегьы амшын иалалон, зоура 2 километрак иҟоу атруба ала.

Ажәабжьқәа зегьы
0