Апроект "Ани амаалықьи" хымзтәи аихшьаала

© Foto / Сырма АшәԥҳаАпроект "Ани амаалықьи" хымзтәи аихшьаала
Апроект Ани амаалықьи хымзтәи аихшьаала - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Ани амаалықьи" аҳәаақәа ирҭагӡаны, 2016 шықәса рзы 500 ҭаацәа инарзынаԥшуа ахамҭақәа рызшоуп.

АҞӘА, мшаԥымза 6 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. 2016 шықәса, ажьырныҳәамза  инаркны иахьанӡа, ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аԥшьгарала,  ҿыц ахшара зауз аԥсуаа ҭаацәарақәа рзы еиҿкаау еснагьтәи апроект "Ани амаалықьи" аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҳамҭақәа рызшоуп 500 инареиҳаны аҭаацәарақәа. Уи еиднакылоит ахәыҷы иааӡараҿы ан лхы иалырхәо амаҭәахәқәа. 

Апроект "Ани амаалықьи" Гәдоуҭа араион аусура иацнаҵеит

"Ҳара ҳфонд аусзуцәа есҽны, ҿыц ахшара зауз  аԥсуа ҭаацәарақәа  аҳамҭақәа рзаҳшоит. Иара убас, Аԥсны араионқәа рахьгьы еихаҳшоит. Уа аус руеит афонд ахьӡала ахаҭарнакцәа. Иҟоуп аҳамҭақәа ирышьҭыланы афонд аусбарҭахь имҩахыҵуа. Аҭаацәа ракәзар, гәахәала ирыдыркылоит ирыдаагало аҳамҭақәа. Уи ҳара ҳгәалаҟазаара акыр ишьҭнахуеит. Апроект "Ани амаалықьи" иаҵанакуеит  ҿыц ииз инаркны фымз зхыҵуа рҟынӡа асабицәа. Апроект еснагь аус ауеит", — ҳәа азгәалҭеит афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаԥшьԥҳа.

"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа излазгәеиҭаз ала, есышықәса ашәыра еиднакыло аҳамҭақәа рхыԥхьаӡара еизҳахоит. 

"Даараӡа ҭабуп ҳәа раҳҳәоит афонд анапхгареи, аусзуцәеи, абас еиԥш акрызҵазкуа апроект аиҿкаара ахьрылдыршаз. Ҳара ҳҭаацәа даара гәахәала иҳадаҳкылеит. Афонд ахаҭарнак Есма Ҭарԥҳа инарҭбааны иҳаиллыркааит афонд имҩаԥнаго аусурақәа ртәы. Хәымз зхыҵуа ҳаҷкәын хәыҷы Данил Папба изы, афонд ахьӡала аҳамҭагьы ҳаналшьеит", — иҳәеит Данил хәыҷы иаб Сергеи Папба. 

 Апроект "Ани амаалықьи" иаҵанакуа аԥсуа ҭаацәарақәа, аҳамҭа роурц рылшоит абри аҭыӡҭыԥ ала: ақ.Аҟәа, аусутә центр Гәдоу-Плаза ахәбатәи аихагыла. "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" шәара шәзы ашәқәа аартуп.

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0