Апроект "Ани амаалықьи" Гәдоуҭа араион аусура иацнаҵеит

Апроект "Ани амаалықьи" Гәдоуҭа араион аҿы.
Апроект Ани амаалықьи Гәдоуҭа араион аҿы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ҿыц ахшара зауз аԥсуа ҭаацәарақәа рзы иаԥнаҵаз апроект "Ани амаалықьи", ҳреспублика ахьынӡанаӡааӡо аларҵәара амоуп. Убас, Гәдоуҭа араион афонд ахаҭарнакцәа аҳамҭақәа рыманы иаҭааит.

АҞӘА, жәабран 26 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ҿыц ахшара зауз аԥсуа ҭаацәарақәа рзы иаԥнаҵаз апроект "Ани амаалықьи" Гәдоуҭа ақалақь иаҭааит. Гәдоуҭа араион ахадараҿы еизеит, ааигәа ахшара зауз анацәа қәыԥшцәа.

"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" апроект "Ани амаалықьи" аусура иацнаҵоит

Афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаԥшьԥха, афонд ахьӡала дрыдныҳәалеит анацәа, ирзеиӷьалшьеит ахәыҷқәа рааӡараҿы ирыцзарц аманшәалара, рысабицәа ирымазарц агәабзиара. Уи агәра длыргеит, ахәыҷы рацәа ахьыҟоу аҳәынҭқарраҿы ишыҟоу аԥеиԥш лаша. Анаҩс, уи дазааҭгылеит афонд аусура хадақәа ишыруаку аҳәынҭқарраҿы адемографиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра. 

 Аҳамҭақәа знапаҿы ирыҭаз анацәа, афонд ахьӡала ироуз ахаҵгылара, гәахәарыла ирыдыркылеит.

"Сара ҩыџьа арԥарцәа срануп. Аиҳабы хышықәса ихыҵуеит, аиҵбы ҩымз. Аҳамҭа маҷ, аҳамҭа ду ҳәа иҟаӡам, ҳара ҳгәырӷьара ахьҳацеиҩышәшо даара ҳаиӷәырӷьеит", — лҳәеит Царгәышаа рҭаца Илона Ҳагәышь.

Гәдоуҭа араион афонд ахаҭарнакс иҟоу Саида Кәарацхьелиаԥҳа, аҭыԥан, аиҿкааратә усқәа зегьы лара имҩаԥылгеит. 

"Ас еиԥш ажәабжь анрасҳәа анацәа, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ҿыц ииз шәыхшара рзы аҳамҭақәа ҟарҵоит ҳәа, гәахәала ирыдыркылеит зегьы. Ахәыҷқәа риразы Аршаҳаҭгақәа рыманы исзааит, анаҩс ашәырақәа еихшаны ирыҭан", — лҳәеит Саида Кәарацхьелиаԥҳа.  

"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" иазԥхьагәаҭан иамоуп, апроект "Ани амаалықьи" ахырхарҭала, Аԥсны егьырҭ араионқәа рҿы аусура ацҵара.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0