Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа ҟарабахтәи аимак иалацәажәеит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАшьха-Ҟарабахтәи Ареспублика.
Ашьха-Ҟарабахтәи Ареспублика. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба агәыӷра ҟаиҵеит иахьазы иаанкылоу аиҿагылара акраамҭатәи аҟазшьа аиуп ҳәа, аҿыц ԥсыҭбарақәа ҟаларым ҳәа.

АҞӘА, мшаԥымза 7 — Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгбеи Ашьха-Ҟарабахтәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Карен Мирзоиани ҭелла аицәажәара рыман. Аицәажәараан дара азааҭгылеит ҟарабахтәи аимак аҭагылазаашьақәа, ҳәа аанацҳауеит АҞА ААР апресс-маҵзура.

Аиҿцәажәара мҩаԥган аԥсуа ган аԥшьгарала. Чрыгба аҳәара ҟаиҵеит иҭахаз руацәеи рҭахцәеи ихьӡала ирыдашшыларц, иазгәеиҭеит Аԥсны ажәлар Арцахә адгылара шарҭо ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҟны.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба агәыӷра ҟаиҵеит иахьазы иаанкылоу аиҿагылара акраамҭатәи аҟазшьа аиуп ҳәа, аҿыц ԥсыҭбарақәа ҟаларым ҳәа.

Ашьха Ҟарабах. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Ашьха Ҟарабах аимак хацыркхеит

Ермантәылеи Азербаиџьани мшаԥымза 2 рзы аҳәамҭа ҟарҵеит аимак иахьаҵанакуа аҭагылазаашьа уадаҩхеит ҳәа. Аҩашаҽны аганқәа рыҩбагьы аимак иахьаҵанакуа бџьаршьҭыхлатәи аоперациақәа аамҭала иаанаҳкылоит ҳәа ишьақәдыргылеит.

Ашьха Ҟарабах азы Ермантәылеи Азербаиџьани рыбжьара аимак ахы цәырнагеит 1988 шықәса жәабранмзазы, Ашьха Ҟарабахтәи автономтә област Азербаиџьантәи ССР иалҵуеит ҳәа аҳәамҭа аныҟанаҵа ашьҭахь. 1991 шықәса цәыббрамзазы Ашьха Ҟарабахтәи автономтә област аҳҭнықалақь Степанакерт ирылаҳәан Ашьха Ҟарабахтәи Ареспублика аԥҵара. 1992 шықәса раахыс аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит аимак аҭышәныртәаларазы. Аганқәа рыҩбагьы дасу иинтиресқәа ихьчоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0