Џьапуаԥҳа: ҳбызшәа ашьҭыхразы ацхыраара ҳазҭо - аус ицаҳуеит

© Foto / Сырма АшәԥҳаАԥсны аҳәынҭқарра ахада абызшәатә политиказы ицхырааҩ Ҭали Џьапуаԥҳа
Аԥсны аҳәынҭқарра ахада абызшәатә политиказы ицхырааҩ Ҭали Џьапуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәынҭқарра ахада абызшәатә политиказы ицхырааҩ Ҭали Џьапуаԥҳа, аԥсуа бызшәазы лгәаанагара ҳзеиҭалҳәеит.

АҞӘА, мшаԥымза 7 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Иаашаҵәҟьаны, ҳажәлар рдуӡӡара ирацәаӡаны иаадырԥшхьеит. Иахьатәи ҳҭагылазаашьа, иҳамоу ҳхатә ҳәынҭқарра, ҳхақәиҭреи, ҳхьыԥшымреи ирҿахәҳәагоуп.

Апарламент адепутат Алмас Џьапуа - Sputnik Аҧсны
Џьапуа: абызшәа азакәан анагӡараз иҟаҵатәу рацәоуп
Изыхҟьои иахьа ҳхы ларҟәны ҳцәажәара, ҳхы агәрамгара? Иааԥсазар ҟалоит ҳмилаҭ, ҳажәлар. Еиуеиԥшым ахьанҭарақәа рыжәҩа иқәыӷәӷәахьеит, ҳара ҳаиԥш зхыԥхьаӡара маҷу ракәым, ажәлар дуӡӡақәа рзыҳәан ихьанҭоу, зышьҭыхра мариам амҩа ианысит аамҭа кьаҿк ала аԥсуаа. Убри аҟынтә, аԥсуара иаҵанакуа азҵаарақәа шьҭыхны ҳахьрылацәажәо, дырҩегьых даҽа мҩак ҳшықәло иадырганы иҟоуп.

Иаҳзеиԥшу азҵаарақәа — ҳбызшәа, ҳкультура, ҳқьабз, ҳрылацәажәаны ҳажәлар ирызнаҳгар, ҳҵарауаа алархәны еиҳа инарҭбааны еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла атемақәа шьҭаҳхыр, иахьа иҳамоу апроблемақәа ирацәаны ҳнарыхоит шьҭахьҟа.  

Ҷыдала абызшәа азҵаара сазааҭгыларц сҭахуп. Азакәан ҳамоуп уи азы. Ҳбызшәа — аҳәынҭқарратә бызшәоуп, программақәакгьы шьақәыргылоуп, аха аҭагылазаашьа зынӡак уацәымшәартә, уеигәырӷьартә ишыҟам зегьы ижәдыруеит. Уи азы иҳамоуп аҭагылазаашьақәа зегьы ҳарҽеирц азы.    

Ҳҽеидаҳкылар, уара, сара ҳәа еибымҳәакәа, абри азҵаара зегьы ҳаицаҵагылар, иахьатәи аиҳабыра, сара агәра ганы ишәасҳәарц сылшоит, иазыхиоуп абри азҵаараҿы амчқәа зегьы реидкылара, аус еицура. Дарбанзаалакгьы иахьатәи ҳбызшәа ашьҭыхразы, ҳәынҭқарратә бызшәаны аус ауртә аҟаларазы, абри аус еиҿкаатәуп зҳәо ауаҩы дҳавагылозар, аус ицаҳуеит.

Ирацәоуп ҳапроблемақәа, ҳмал маҷуп, ижәдыруа ауп. Аха, убраҟагьы сақәгәыӷуеит еиуеиԥшым аиҿкаарақәа рыцхыраара. Аҳәынҭқарра иалшо аҟны иҳавагылоуп. Аҳәынҭқарра анапы ахьзымнеиуа, амч ахьахьымӡо, сақәгәыӷуеит акры зку, акры еиҿызкаар зылшо ҳауаажәлар рыцхыраара. Апроект змоу абызшәа ашьҭыхразы, аус аруразы, алшара зхахьы изгарц зылшо зегьы ҳшәывагылоит, аус шәыцаҳуеит. 


Ажәабжьқәа зегьы
0