Аԥсуа парламентарицәа рҩызцәа ирыдныҳәалоит

© Sputnik / Ада Багиан7 лет признания Южной Осетии
7 лет признания Южной Осетии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар реизара ахаҭарнакцәа рделегациа ахы аланархәуеит Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент ашьаҭаркра Амш иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа.

АҞӘА, мшаԥымза 8 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсны Жәлар реизара аиҳабы Валери Бганба зхадараҟны дыҟоу Аԥсны Жәлар реизара ахаҭарнакцәа рделегациа ахы аланархәуеит мшаԥымза 10 рзы имҩаԥысраны иҟоу, Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент 22 шықәса ахыҵра Амш иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа.

Аԥсуа делегациа Апарламент аиҳабы идагьы далахәуп Апарламент адепутат Фазылбеи Аҩӡба.

Аофициалтә визит апрограммала иазыԥхьагәаҭам иарбанызаалак аиқәшаҳаҭрақәа анап рыҵаҩреи аофициалтә еиԥыларақәа рымҩаԥгареи, ҳәа аанацҳауеит Жәлар Реизара апресс-маҵзура.

Аахыҵ Уаԥстәыла – ареспублика иреиҳаӡоу закәанԥҵаратә органуп. Иара аилазаараҟны иҟоуп 34-ҩык адепутатцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0