Амҽыша иԥсҭазаара далҵит Џьансыхә Чамагәуа

© Sputnik / Томас ТхайцукЏьансыхә Чамагәуа
Џьансыхә Чамагәуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсни Башкырҭысҭани Ареспубликақәа рҟны зҽаԥсазтәыз артист Џьансыхә Чамагәуа иԥсҭазаара далҵит амҽыша, мшаԥымза жәаба рзы 49 шықәса дшырҭагылаз.

Sputnik, Астанда Арӡынԥҳа.

Аԥсни Башкырҭысҭани Ареспубликақәа рҟны зҽаԥсазтәыз артист Џьансыхә Чамагәуа Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа аестрадатә ҟәша аиҳабы, иԥсҭазаара далҵит амҽыша, мшаԥымза жәаба рзы 49 шықәса дшырҭагылаз.

Аԥсны жәлар рартистка Манана Шамԥҳа илҳәоит:

"Иҳаҳаз даара агәрагара уадаҩуп. Ахәаша ҳаибабон, иахьа дыҟаӡам, дҳалагылаӡам. Чмазарак идҳамбалацызт азы иҟамзаара ҳцәыуадаҩхеит. Ҳақьымцәак рахь днеиуазаргьы, рацәак ихы хырыҩ аиҭомызт".

Манана Шамԥҳаи Џьансыхә Чамагәуеи еибадыруеижьҭеи акрааҵуеит. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә копеллаҟны аус еицыруан, Аҟәатәа Аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭаҟны аус еицыруан.

Лара илгәалалыршәоит Џьансыхә шиакәу аестрадатә ҟәша хацзыркыз.

"Истудентцәа ихәыҷқәак реиԥш дырзыҟан. Рҭаацәеи иареи аинырра бзиа рыман. Алимитқәа дрышьҭан рҵара иацырҵарц азы. Аконкурсқәеи афестивальқәеи рахь игон. Ҳаурокқәа зегьы аанаҳкылеит иахьа. Зегь лаӷырӡышоит", — лҳәеит Шамԥҳа.

Константин Ченгелия - Sputnik Аҧсны
Ченгьелиа: иаԥысҵарц исҭаху рацәаӡоуп, уи сыԥсы ахьынӡаҭоу саҿызаауеит

Џьансыхә икариера хациркит оператә шәаҳәаҩык иакәны. Римски-Корсаков ихьӡ зху Ленинградтәи аконсерваториа далгеит.

"Изанааҭ даара дазҟазан. Аус ицура мариан. Аестрадатә вокал ахь даниасгьы илҵшәақәа бзиан",- лҳәоит лара.

Манана лажәақәа рыла Џьансыхә дҩыза бзиан, еснагь уцхыраара дазыхиан.

"Аиҳабыра рҟынтәи астудентцәа рҟынӡа зегь иҩызцәан. Иара ида ҳшыҟало атәы сыздырам", ҳәа ҳалҳәоит Манана Шамԥҳа.

Аҵараиурҭеи иара артист ихаҭеи ииубилеи аҽазыҟаҵара иаҿын ԥхынгәа 22 рзы 50 шықәса ихыҵран дыҟан.

Џьансыхә Чамагәуа иԥсра Аԥсны, аԥсуа музыка азы илахьеиқәҵароуп ҳәа иԥхьаӡоит артист иҩыза, Роин Агрба.

"Ҳара ҳаиҩызцәижьҭеи акыр ҵуеит. Санкт-Петербург аҵара аниҵоз уадак ҳаицыҩнан. Даара дуаҩ гәыҭбаан. Макьанагьы дыҟам ҳәа агәра сызгом. Петербург абысҭа ҳзиуан. Зны иазгәаҳҭон Аԥсны Асовет мчра ашьақәгылара амш. Аџьма ҳшьырц ҳаӡбеит. Астудентцәа зегь ҳаизеит. Уаа ҩынҩажәаҩык ҳаҟан", — иҳәоит иара.

Џьансыхә аԥсуа ҭаацәара далҵит. Иаб ианиаамҭаз Аҷандаратәи абжьаратә школ адиректорс дыҟан.

"Аԥсыуа интеллигент ҭаацәаран. Рыԥсҭазаара мариамызт", — иҳәоит иара.

Џьансыхә ашьхақәа бзиа ибон. Ауадҳара аҩны иргылан, иҩызцәа-иқәлацәа ԥсшьарҭа ҭыԥс иҳаман, иҳәоит Агрба.

Џьансыхә Чамагәуа диит ԥхынгәы 22, 1966 шықәса рзы, Аҷандара ақыҭан.

Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа ашьҭахь дҭалоит Саратовтәи аконсерваториа, нас диасуеит Ленинградтәи аконсерваториахь.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ҳәа ахьӡ ҳарак ихҵан.

Ажәабжьқәа зегьы
0