"Ауадҳара" Аԥсны еиҳа рхы иадырхәо, ирылаҵәаны иҟоу минералтә ӡуп. Иара иахыҵхырҭоуп ахьӡ захьӡу, абольнеологиатә курорт Ауадҳара.
Аминералтә ӡы ҭрыжьуеит Аԥсны азауадқәа. Урҭ ируакуп Аҟәатәи ауарашыршырҭатә зауад 2015 шықәса рзы иара иҭнажьит 7 000 декалитр аминералӡы.
"Ҳара иҳамоуп аԥышәа ду. Уи асовет аамҭақәа рҟынтәи ахы акуеит. Ҳзауад аҟынтәи вагонла аминерал ӡы рышьҭуан Асовет еидгыла егьырҭ ареспубликақәа рахь", — лҳәеит азауад адиректор Амра Ануаԥҳа.
"Ауадҳара" амаҭәашьареилазаара ауаҩытәыҩсатә организм ашьарҿиара функциа иацхраауеит, ахшыбаҩ аусура еиӷьнатәуеит. Амаҭәашьар бор алазаара ақьамсарҩачымазара аӷьара арццакуеит.
Аминералтә ӡы "Ауадҳара" рхы иадырхәоит асанаториақәеи абальнеологиатә хәышәтәырҭақәеи рҟны. Ҩныҵҟала адкылараан еиуеиԥшым аҩныҵҟатәи ачымазарақәа: ацачымазарақәа, акьатеичымазарақәа, аколитқәа, аентероколитқәа, агәаҵәачымазара уҳәа рыхәышәтәра иазырхоуп.
Амра Ануа лажәақәа рыла, “Ауадҳара” адунеи аҿы еицырдыруа аӡқәа иаарылукааратәы иҟоуп. Ҿырԥштәыс иаагозар “Виши Селестени”, ари наукала ишьақәырӷәӷәоуп.
Ҳреспубликаҿы Ауадҳара даара ирацәаны иадҵаалоит. Иҭзыжьуа адунеи атәылақәа зегьы рахь ирышьҭыртә алшара рымоуп. Иахьатәи аамҭазы аминералтә ӡы "Ауадҳара" Урыстәыла аҳҭнықалақь ахь ирышьҭуеит.