00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
13 мин
On air
13:20
5 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
13 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсны ашколқәа ҳамҭас ироуит арҵагатә маҭәахәқәа
13:45
11 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Аҟәатәи амаамынааӡарҭа аԥхын аус шауа
13:56
15 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Главный четверг
Турсезон в Гагре
14:17
24 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
Экология Черного моря
14:44
2 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ашәҟәы "Аԥсуааи адыгақәеи рыԥшьаҭыԥқәа" аӡыргара мҩаԥысит

© Sputnik / Анжелика Бения Ашәҟәы "Аԥсуааи адыгақәеи рыԥшьаҭыԥқәа" аӡыргара мҩаԥысит Аҟәа.
Ашәҟәы Аԥсуааи адыгақәеи рыԥшьаҭыԥқәа аӡыргара мҩаԥысит Аҟәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи апроект "Аԥсуааи адыгақәеи рыԥшьаҭыԥқәа: атрадициақәеи ҳаамҭеи" аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа, Аҳәынҭқарратә музеи аҟны аҩаша, мшаԥымза жәаҩа рзы иӡырган еизгаз аматериалқәа.

АҞӘА, мшаԥымза 13 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Жәларбжьаратәи апроект "Аԥсуааи адыгақәеи рыԥшьаҭыԥқәа: атрадициақәеи ҳаамҭеи" аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа, Аҳәынҭқарратә музеи аҟны аҩаша, мшаԥымза жәаҩа рзы иӡырган еизгаз аматериалқәа ирылху ашәҟәы.

Ашәҟәы аиқәыршәаҩцәа ируаӡәку, апрофессор Алла Соколова лажәақәа рыла ашәҟәаҟны ицәыргоуп аматериал ҿыцқәа, иаҳцәыӡхьоу ақьабызқәеи аҵасқәеи ирызкны.

"Аусура уажәоуп ҳаналага. Апроект иҳаднагало рацәоуп. Аԥсны аԥшьаҭыԥқәа ашәҟәы иҭагалоуп. Ҩышықәса рыла ҩ-шәҟәык ҭыжьын, имҩаԥган аконференциақәа, астол гьыжьқәа", — лҳәеит лара.

Ашәҟәы авторцәа ируаӡәку Гарик Сангәлиа, археолог, аҭоурыхдырыҩ, иазгәеиҭеит аԥсуа наукаҟны Аԥсны аматериалтә культура аҭҵаара аҭоурых ду шамоу. Иара иажәақәа рыла ашәҟәы "Аԥсуааи адыгақәеи рыԥшьаҭыԥқәа: атрадициақәеи ҳаамҭеи" Аԥсны аҭоурых азы аҵак ду аиуеит.

Амилаҭтә библиотека аҭоурых аҟынтә

"Ақьырсиан баҟақәа еиҳа иныҭкааны иҭҵаазар, ажәытә динтә баҟақәа ртәыҳәа рацәак ҳаздырам. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны абри аусура акәын ҳазҿыз. Сгәы иаанагоит аусурақәа ԥхьаҟагьы ирыцлап ҳәа. Аусурақәа ирыдыԥхьалатәуп археологцәа. Аԥсны аинформациа рацәа амоуп", — иҳәеит Сангәлиа.

Ашәҟәаҟны еизго аматериал ҩбаны еихшоит: аԥшьаҭыԥқәа ржәытәи рҿатәи ҳәа. Ирацәоуп ауникалра злоу аинформациа.

Урыстәылатәи агуманитартә наукатә фонд адгылара знаҭаз Жәларбжьаратәи апроект "Аԥсуааи адыгақәеи рыԥшьаҭыԥқәа: атрадициақәеи ҳаамҭеи", аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа, Аҳәынҭқарратә музеи аҟны аҩаша, мшаԥымза жәаҩа рзы иӡыргаз амонографиа аматериалқәа аҭҵаарақәа раан еизган.

Амонографиа рзырхоуп акультурологцәа, аҭоурыхдырыҩцәа, аетногрофцәа, атәылаҭҵааҩцәа, иааидкыланы Кавказ акультура ҭызҵаауа.

Ашәҟәы аидкылареи аҭыжьреи алыршахеит Урыстәылатәи агуманитартә наукатә фонд, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут, Тембот Керашев ихьӡ зху агуманитартә ҭҵаарақәа Адыгатәи ринститут, Адыгатәи аҳәынҭқарратә университет рыцхыраарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0