Автоеиԥхныҩлара Аҟәанӡа иааӡеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЖәларбжьаратәи ауаажәларра-патриоттә проект "Боевое братство" Аҟәанӡа иааӡеит.
Жәларбжьаратәи ауаажәларра-патриоттә проект Боевое братство Аҟәанӡа иааӡеит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны аиааира иазку Автоеиԥхныҩлара хацыркхеит мшаԥымза хәба рзы. Абри атәы ҳаиҳәеит автоеиԥхныҩлара анапхгаҩы Александр Петров.

АҞӘА, мшаԥымза 13 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Жәларбжьаратәи ауаажәларра-патриоттә проект "Боевое братство" Аҟәанӡа иааӡеит. Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны автоеиԥхныҩлара алахәылацәа ирԥылеит ақалақь Ахадара, ауаажәларра, ашколхәыҷқәа рхаҭарнакцәа. Дара еиқәшәеит Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа.

Имԥсуа аполк амҩасра. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуаа "Имԥсуа аполк" иалахәхоит

"Ари акциа иаанарԥшуеит ҳажәларқәа ифырхаҵараз рҭоурыхаамҭа. Асеиԥш иҟоу акциақәа аҿар апатриотизмра рылааӡара иазырхоуп", иҳәеит Аҟәа Ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа.

Автоеиԥхныҩлара анапхгаҩы Александр Петров иҳәеит Кавказ егьырҭ ареспубликақәагьы ирҭаараны ишыҟоу.

1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны аиааира иазку Автоеиԥхныҩлара хацыркхеит мшаԥымза хәба рзы ақалақьқәа Мурманск, Владивосток, Дербент, Брест, Севастополь рыҟны.

Петров иажәақәа рыла апроект алахәылацәа ахысраны иҟоуп 75 нызқь километра.

Ажәабжьқәа зегьы
0