Аексперт: Урыстәыла атәылауаа анхарҭақәа раархәара аиашарақәа амоуп

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАиурист наукақәа ркандидат, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иаԥҵоу аҳәынҭқарратә маҵзуреи анапхгареи ринститут РАНХиГС адиректор Игорь Барцыц
Аиурист наукақәа ркандидат, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иаԥҵоу аҳәынҭқарратә маҵзуреи анапхгареи ринститут РАНХиГС адиректор Игорь Барцыц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиурист наукақәа ркандидат, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иаԥҵоу аҳәынҭқарратә маҵзуреи анапхгареи ринститут РАНХиГС адиректор Игорь Барцыц иажәақәа рыла Урыстәыла атәылауаа анхарҭақәа раархәара алегализациа азура иалнаршоит ареспублика аекономикатә рҿиара.

АҞӘА, мшаԥымза 13 — Sputnik. Урыстәыла атәылауаа Аԥсны анхарҭақәа раархәара ареспублика атәылауаа еснагь гәҽанызаарала иазнеиуан, иҳәоит Барцыц. Ара иҟоуп ирацәаны афакторҟазшьақәа: адемографиатә ҭагылазаашьа аԥсахра, атәымтәылауаа рахыҵәара, амилаҭтә економика аобиектқәа рхылаԥшра аӡразы ашәара уҳәа егьырҭгьы. Урҭ зынӡа урызхьамԥшуа ишыҟамгьы ихымԥадатәиуп ҳәа узҳәом. Насгьы урҭ ашәарақәа аҩныҵҟаполитикатә ҭагылазаашьаҟны аспекулиациатә ҟазшьа рызҭо ыҟоуп.

"Ҳәарада Аԥсны ихәыҷу тәылак аҳасабала иалшоит иахьазы иамоу ахьыԥшымреи асуверенитети рыхӡыӡааразы азин", ҳәа азгәеиҭоит аексперт.

Иара иажәақәа рыла ауаажәларртә гәаанагаразы ашәарҭадара аиқәырхара еиҿкаатәуп. "Аха, урыстәылауаа анхарҭақәа раархәара азҵаараҟны урҭ ашәарақәа мыцхәуп ҳәа иазысыԥхьаӡоит. Иахьазы Урыстәыла атәылауаа ирымоуп алшара азакәан инавганы анхарҭақәа раахәаразы. Азҵаара аӡбра аусгьы ашәшьыратә економикахь ииасуеит. Ари азҵаара мап ацәкра аинвестициақәа Аԥсны радыԥхьалара иаԥырхагахоит", — иҳәеит Барцыц.

Еиҭамҵуа амазара. - Sputnik Аҧсны
Чрыгба: еиҭамҵуа амазара атәымтәылауаа раархәара азҵаара ҳазхәыцуеит

Аексперт иажәақәа рыла ауаажәларратә гәаанагараҟны ахәыцрақәа ԥсахтәуп анхарҭеи адгьыли рызҵаарақәа рганахьала.

"Аԥсуаа рзы адгьыл аҵакы ҷыдоуп. Адгьыл азҵаара абри апроцесс алкра зҭыԥ иқәнаҵо рацәоуп", — иҳәоит Барцыц.

Иара убасгьы Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵаз атәылақәа ртәылауаа рзы атәыла анхарҭаҭыԥқәа рыҭиразы азин ҟаҵатәуп. Анхарҭақәа раахәара иаанагом Аԥсны атәылауаҩра аиуреи анхараз азин аиуреи. Иара убасгьы урҭ абжьыҭира азин роуеит ҳәа цәшәара ҟалом.

Барцыц иазгәеиҭеит ашәахтәшәара аусхк аҟынгьы аԥсахрақәа алагалатәуп ҳәа. Аԥсны атәылауаа рзы ашәахтә еиҵатәтәызар, анхарҭаҭыԥқәа аазхәаз атәымтәылауаа рзы уи еиҳатәтәуп.

"Иҟоу аҭагылазаашьа ауаа реилыркаара ҳалшар, сгәы иаанагоит зегьы рзы ихәарҭахап ҳәа. Иҵаҵӷәыдоу азинҟамҵара хәарҭара алам. Астраус еиԥш ахыҵәахра иаҳнаҭо ҳәа акгьы ыҟам", — иҳәеит аексперт.

Ажәабжьқәа зегьы
0