Аурыс драматә театр аҟны ифильм "Ацҳа" апремиера ҟалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАфиша
Афиша - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа режиссиор Наур Гармелиа ифильм "Ацҳа" апремиера мҩаԥысраны иҟоуп Аурыс драматә театр аҟны ашәахьа, мшаԥымза жәаа рзы.

АҞӘА, мшаԥымза, 14 — Sputnik, Владимир Бегунов. Аԥсуа режиссиор Наур Гармелиа ифильм "Ацҳа" апремиера мҩаԥысраны иҟоуп Аурыс драматә театр аҟны ашәахьа, мшаԥымза жәаа рзы.

Афильм "Ацҳа", арежиссиор қәыԥш Наур Гармелиа раԥхьатәи иусумҭоуп. Афильм абжьы ахаӡам. Арежиссиор ишиҳәаз ала иара иҭахын жәа зҭахымыз ауаҩытәыҩса иҭоурых аарԥшра.

Аԥснытәи арежиссиор қәыԥш Наур Гармелиа. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа режиссиор акинофестиваль аԥхьахә ианашьахеит

"Сара сзы аинтерес аҵан иҟаз аҭагылазаашьақәа рҟны ауаҩы ихымҩаԥгашьа, иҭагылазаашьа, изҳашьа"

Аурыс драматә театр аҟны ашәахьа, мшаԥымза жәаа рзы ахәаԥшыҩцәа ирбараны иҟоуп хырыҩ зумҭо ауаҩытәыҩсатә ҭоурых.

Афильм аҟны ихәмаруан ипрофессионалмыз актиорцәа: Аслан Хибба, Беслан Гармелиа, Нури Џьинџьолиа, Ҭенгьиз Хведелиӡе, Иракли Ԥлиа. Афильм операторс даман Иван Васильев.

Арежиссиор қәыԥш иусумҭа иаиухьеит аԥхьахә Ханты-Мансииск афестиваль аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0