Аԥсуа режиссиор акинофестиваль аԥхьахә ианашьахеит

© Foto / предоставил Наур ГармелияАԥснытәи арежиссиор қәыԥш Наур Гармелиа.
Аԥснытәи арежиссиор қәыԥш Наур Гармелиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи арежиссиор Наур Гармелиа иусумҭа Ханты-Мансииск имҩаԥысуаз акинофестиваль "Амца адоуҳа" аԥхьахә ианашьахеит.

АҞӘА, хәажәкыра 4 — Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа. Аԥснытәи арежиссиор Наур Гармелиа иусумҭа "Ацҳа" Ханты-Мансииск ақалақь аҟны имҩаԥысуаз акинофестиваль "Амца адоуҳа" аԥхьахә (ахԥатәи аҭыԥ) ианашьахеит.

Наур Гармелиа иажәақәа рыла аиааира зегьы ирыцкым, зегь реиҳа ихадоу ахәаԥшҩы иҟынӡа угәҭакы анагароуп.

"Афильм аҟны иҭыхыз профессионалтә актиорцәам. Гәыԥ ақыҭауаа роуп. Даара аинтерес аҵоуп акино аҟны зыҽԥызымшәац ауаа анҭухуа. Даара аинтерес аҵоуп урҭ аус рыцура, иԥсабаратәны рҭыхра", — иҳәеит алауреат.

Афильм азы асценари шықәсык аҟынӡа аус адиулон. Аҭыхрақәа ирҭыԥны Тҟәарчал ақалақь аликааит. Апроблемақәа цәырҵит аҭыхра ашьҭахьтәи аусдуларақәа раан, аха "Ленфильм" ацхыраара инаҭеит.

Афильм асиужет Аԥсны имҩаԥысуеит. Ароль хадақәа ихәмаруеит Баслахә ақыҭантәи аҵаҩы Аслан Хиббеи арежиссиор иаб – Беслан Гармелиеи.

"Афырхаҵа хада жәашықәса ихыҵуеит. Иара есыҽны ацҳа дықәсны аџьармыкьахь дцоит ашә иҭирц. Иԥсҭазаара акыр ишьшьылаҳауп, аха аамҭак азы аҽаԥсахуеит".

2016 шықәсазы афестиваль аԥхьахә хада "Золотая тайга" аиуит исландиатәи арежиссиор Рунар Рунарссон ифильм "Воробьи", аԥхьахә "Серебряная тайга" аиуит арежиссиор Хаиро Бустаманте иусумҭа "Вулкан Ишканул".

Афестиваль мҩаԥысуеит 2002 шықәса раахыс.

Ажәабжьқәа зегьы
0