Амчреи аоппазициеи рхаҭарнакцәа реиԥылара

© Sputnik Роберт ДжопуаАмчреи аоппазициеи рхаҭарнакцәа реиԥылара
Амчреи аоппазициеи рхаҭарнакцәа реиԥылара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә палата ажәадгала ҟанаҵоит аусутә гәыԥ аԥҵазарц амчреи аоппозициеи рхаҭарнакцәа реиԥыларақәа реиҿкааразы.

АҞӘА, мшаԥымза 14 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Ауаажәларратә палатаҿы еиԥылеит ареспублика анапхгаратә мчрақәеи аоппозициатә мчрақәеи рхаҭарнакцәа. Аиԥылара алагамҭаз Ауаажәларратә палата ахантәаҩы Наҭела Акаԥҳа илҳәеит:

"Ҳара акырҵуеит адиалог амҩаԥгара ҳҭахны ҳаҟаижьҭеи. Иахьа еиԥылеит ареспублика анапхгаратә мчрақәеи аоппозициатә мчрақәеи рхаҭарнакцәа. Анцәа иҳәозар уи традициатәхап ҳәа ҳгәыӷуеит".

Аԥхьа ажәа игеит Афонд "Аԥра" аиҳабы Аслан Бжьаниа. Иара дазааҭгылан иазгәеиҭеит ареспубликаҟны аполитикатә процесс амҩаԥысра ишаҿу, ареферендум азы анапаҵаҩрақәа реизгара дазхьаԥшны. Иара убасгьы акритика азиуит атәыла анапхгара.

"Амчра, хаҭала Ахадеи иара икомандеи ҳажәлар ракзаара азҵаара аӡбара иацәхьаҵит", — иҳәеит Бжьаниа.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Ареферендум аԥшьгаҩцәа: ауснагӡатә закәанмҩала ицароуп

Иара убасгьы далацәажәеит 2014 шықәса рзы атәыла Ахадаразы акандидатцәа реиқәшаҳаҭра. Уи инақәыршәаны атәыла аиҳабыра акоалициатә ҟазшьа рымазароуп.

Уи ашьҭахь дцәажәеит Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа. Иара иазгәеиҭеит ареферендум амҩаԥгара аҭахны ишимбо.

"Мзызда ареферендум амҩаԥгара хҭаҳкыр иҟалоит уи зхы иазырхәарц зҭаххогьы", — иҳәеит иара.

Габниа иажәақәа рыла атәыла Ахада иаамҭа аанӡа еиҭалхра алшоит х-ҭагылазаашьак раан: хатәгәаԥхарала имаҵура анынижьуа, иԥсҭазаара даналҵуа, ма аимпичмент анидырҵо.

"Шәара аимпичмент шәалацәажәом, ус анакәха шәыдҵа мзыздоуп", — иҳәеит иара.

Аиԥылара ҩ-сааҭк ицон. Аҽыԥныҳәақәа анырацәаха Наҭелла Акаԥҳа ажәадгала ҟалҵоит аусутә гәыԥ аԥҵазарц амчреи аоппозициеи рхаҭарнакцәа реиԥыларақәа реиҿкааразы.

2016 шықәса хәажәкырамза алагамҭаз 46-ҩык злахәыз аԥшьгаратә гәыԥ Аԥсны Алхратә комиссиахь инаргеит арзаҳал атәыла Ахада изаамҭанытәим иалхрақәа рзы ареферендум амҩаԥгаразы. Уи, дара атәылаҟны аполитика-уаажәларратә ҭагылазаашьа аицәахара иадырҳәалоит.

Ахаша, 2016 шықәса хәажәкыра 23 рзы Апрокурор хада ирылеиҳәеит акомиссиа ҷыда шаԥҵахо ауснагӡатә амҩаԥысшьа азакәанмҩа зеиԥшроу азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0