"Атәымтәылатә финанстә инструментқәа" аилкаара шьақәдырӷәӷәоит

© Sputnik / Дмитрий Астахов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәылатәи Афедерациа Аминистрцәа Реилазаара аилатәара.
Урыстәылатәи Афедерациа Аминистрцәа Реилазаара аилатәара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа Аминистрцәа Реилазаара ахәаԥшраны иҟоуп Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра (лаҵарамза 28 2012ш.) аԥсахрақәа алагалара азҵаара

АҞӘА, мшаԥымза 14— Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа Аминистрцәа Реилазаара ахәаԥшраны иҟоуп Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра (лаҵарамза 28 2012ш.) аԥсахрақәа алагалара азҵаара, иара убасгьы "атәымтәылатә финанстә инструмент" аилкаара ашьақәырӷәӷәар. Абри атәы аҳәоит аиҳабыра рпресс-маҵзура.

Аҳазалхратә пост. - Sputnik Аҧсны
Арнауҭ: баџьда аилахәаахәҭра ҳекономика аҿиара иацхраауеит

Иазгәаҭоуп азакәан апроект адкылар шацхраауа урыстәылатәи азинеилкаараҟны "атәымтәылатә финанстә инструмент" аилкаара азнеишьа еиԥшымзаара иамоу аԥыхра, акоррупциа аҿагылара еиҳа хра аманы ишыҟанаҵо. Азакәан апроект рыдкылан ибзиоуп ҳәагьы ахҳәаан 2016 шықәса хәажәкыра 28 рзы.

Убри адагьы Урыстәылатәи Афедерациа Аминистрцәа Реилазаара ахәаԥшраны иҟоуп Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра (лаҵарамза 28 2012ш.) аԥсахрақәа алагалара азҵаара. Апроект иазыԥхьагәанаҭоит ззын алгаратә ҳазатә баџь рымшәо атауарқәа реиқәыԥхьаӡахь иаҵаркхарц анефҭтә битум.

Иара убасгьы атәыла аиҳабыра ахәаԥшраны иҟоуп 2016 шықәса рзы аԥаразоужьрақәа реихшара азыԥхьагәазҭо ақәҵара апроект.

Ажәабжьқәа зегьы
0