Асахьаҭыхыҩ аскульптор Витали Лакрба игәалашәаратә хьӡынҵа аартын Аҟәа

© Sputnik Анжелика Бениа Асахьаҭыхҩы, аскульптор Витали Лакрба иаҳаҭыртә хьӡынҵа аарта
Асахьаҭыхҩы, аскульптор Витали Лакрба иаҳаҭыртә хьӡынҵа аарта - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа Александр Чачба-Шервашиӡе ихьӡ зху аҟны асахьаҭыхыҩ аскульптор Витали Лакрба иаҳаҭыртә хьӡынҵа аартын.

АҞӘА, мшаԥымза 14 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Александр Чачба-Шервашиӡе ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аиҳабы аскульптор Амиран Адлеиба иажәақәа рыла аҵараиурҭа Шервашиӡе ихьӡ шахугьы ахыбраҟны Лакрба игәалашәаратә дырга аартра ӡбан.

"Ҳарҵаҩратә еилазаара аҟны ажәалагала нашьҭын Аҟәа ақалақь ахада иахь. Ҳагәҭакы иахаҵгылеит. Витали Лакрба ирҿиара аҟны ахәыцра ҵаулеи аестетика агьама бзиеи ргәылаҵәахуп. Зхы ԥызшәоз сахьаҭыхҩын. Аҟәатәи асахьаркыратә ҵараиурҭа аҿиараҿы, аԥсуа культура аҿиараҟнеиԥш илагала дупп", – иҳәеит Адлеиба.

Аԥсуа скульптор Витали Џьениа иазгәеиҭеит, иахьатәи изанааҭ аҟны аҿиара Лакрба ишибзоуроу.

"Аԥсни уи анҭыҵи еицырдыруа Витали Лакрба Қарҭынтәи Аҟәатәи аҵараиурҭахь данааи ашықәсазы сара уи аҵараиурҭа сҭалеит. Данааи инаркны аҵараиурҭа ахаҿы аҽаԥсахуа иалагеит. Избанзар иҭахны, убриаҟара гәыблыла иус дазнеиуан. Сара сгәыԥ аҟны зегь хәыҷқәан, асахьа бзианы иҭырхуан, санрылаԥш сцоит ҳәа иасҳәеит, сгәыԥ иҟарҵо са исылшаӡом ҳәа. Имуӡит, сааникылеит. Иҟазараҭыԥ ахь сигон, аус еицаҳуан, ус салеигалеит", – ҳәа иҳәеит Џьениа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рзы аминистр Елвира Арсалиаԥҳа иазгәалҭеит Витали Лакрба иусумҭақәа Аԥсны акультуразы хәызмам, акыр иаԥсоу ҟазаратә ҭынхоуп ҳәа.

"Аҳаҭыртә хьӡынҵа ара иахьыҟалаз  хҭыс бзиоуп. Аҵараиурҭа ахаҭа аҭоурых дууп. Витали Лакрба абас игәалашәара иара аҵараиурҭа аҭоурых иаҳа иарҭбаауеит. Лакрба иусумҭақәа аибашьра иалаӡыз рацәуп, аха иҟоуп иахьа ҳсахьаҭыхратә галереиа аҟны иҵәахны иҳамоу. Иаҳгәиҭоуп ихатә цәыргақәҵазы иусумҭақәа реидкылара, иаҳзыҟаҵар ус бзиахон, избанзар иара иҟазара Аԥсуа сахьаҭыхратә ҟазараҟны илагала дууп", – лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Аконкурс - Sputnik Аҧсны
Ацәыргақәҵа "Аҵасқәа" Аҟәа иаатит

Иҩызцза рҟынтә ажәа иман Геннади Аламиа. Аус аԥшьазгаз иҭабуп ҳәа раҳәо ахҭыс аҵакы дазааҭгылеит.

"Ҳаԥсы ҭазар ҳхатәы ҳҳәап, аха ҳаныҟамло ҳҩызцәа ирҳәозар уи насыԥ дууп. Витали Лакрба еиԥш аҩыза дызмоу изы насыԥ дууп. Сара аԥсҭазаараҟны исықәҿиеит. Иҵаҩцәа, иҩызцәа дыргәалашәаноҵы ԥсра иқәӡам", – иҳәеит Аламиа.

Асахьаҭыхыҩ аскульптор Витали Константин-иԥа Лакрба диит 1942 шықәсазы. 1970 шықәсазы Ҭырқәтәыла асахьаҭыхратә академиа далганы Аҟәатәи аҵараиурҭа аҟны арҵаҩы иаҳасаб ала аусура далагоит. Аҵараиурҭа аҵаҩцәа асахьаҭыхра, арԥшьшьара, аскульптура акомпозициақәа риҭон. 1976 шықәса инаркны 2004-тәи ашықәсанӡа, иԥсҭазаара ҿахҵәаанӡа асахьаркыратә ҵараиурҭа еиҳабыс даман. Витали Лакрба исахьаркыратә школ иахьа уажәраанӡагьы аҵараиурҭаҟны иддырҵоит.

© Sputnik / Анжелика Бениа Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа Александр Чачба-Шервашиӡе ихьӡ зху аҟны асахьаҭыхҩы, аскульптор Витали Лакрба иаҳаҭыртә хьӡынҵа аартын.
Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа Александр Чачба-Шервашиӡе ихьӡ зху аҟны асахьаҭыхҩы, аскульптор Витали Лакрба иаҳаҭыртә хьӡынҵа аартын. - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа Александр Чачба-Шервашиӡе ихьӡ зху аҟны асахьаҭыхҩы, аскульптор Витали Лакрба иаҳаҭыртә хьӡынҵа аартын.

Аԥсны Аџьнџьтәылатә еибашьра апериод аан асахьаҭыхҩы иҟазарҭа блын. Уи аԥхьа 1989 шықәсазы амилаҭ хақәиҭратә қәԥара активла иалахәыз Лакрба имаҷымкәа иусумҭақәа еимҵәан. Иаанхаз аскульптор иусумҭақәа Аҟәатәи  асахьаҭыхратә галереиеи аҵараиурҭеи рыҟны иҵәахуп.


Ажәабжьқәа зегьы
0