Аԥсуа шәаҳәаҩы афинал ахь днеиит

© Фото : из личного архива Милены БарцицМилена Барцыц
Милена Барцыц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәаҩа шықәса зхыҵуа Аԥснытәи ашәаҳәаҩ қәыԥш Милена Барцыцԥҳа Москва имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи ахәыҷтәы фестиваль "Новая Волна" афинал ахь днеиит.

АҞӘА, мшаԥымза 19 — Sputnik, Бадри Есиава. Жәаҩа шықәса зхыҵуа Аԥснытәи ашәаҳәаҩ қәыԥш Милена Барцыцԥҳа Москва имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи ахәыҷтәы фестиваль"Новая Волна" афинал ахь днеиит. Афинал мҩаԥысраны иҟоуп Артек. Абри атәы ҳзаалыцҳаит Милана лан – Илона Ақаҩԥҳа.

Милена Барцыц - Sputnik Аҧсны
Милена Барцыцԥҳа "Голос. Дети 3" далахәхоит

"Афиналбжаҟны Милана иналыгӡеит Ҭимур Агрба иашәа "Сыԥсынра". Амузыкатә композициа аԥсышәала инагӡан. Уи ажиури даара анырра рнаҭеит", — лҳәоит Илона.

Ажиури иалахәын Игор Крутои, Алеқсандр Ревзин, Алеқсандр Румианцев.

Милена ашәа лҳәоит ԥшьышықәса анылхыҵ аахыс. Лара Сергеи Прокофиев ихьӡ зху амузыкатә школ ахь дныҟәоит. Апроект "Голос. Дети" далахәын. Уажәы лара апроект аоркестр адирижиор Сергеи Жилин иоркестр "Фонограф Джаз Бэнд" аконцертқәа рҟны ашәа лҳәоит.

"Новая Волна" алхратә турқәа ирылахәын 500-ҩык. Афинал ахь инеиит 23-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0