Милена Барцыцԥҳа "Голос. Дети 3" далахәхоит

© Фото : Первенкова УльянаМилена Барцыц
Милена Барцыц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Милена Барцыцԥҳа асабша, жәабран 20 рзы имҩаԥысраны иҟоу "Голос. Дети 3" далахәхоит.

АҞӘА, жәабран 16, Sputnik. Милена Барцыцԥҳа асабша, жәабран 20 рзы, Актәи аканал аҟны имҩаԥысраны иҟоу апроект "Голос. Дети 3" далахәхоит. Абри атәы ҳзаалыцҳаит Москватәи аԥсуа диаспора акоординатор Нара Папԥҳа.

Лаар лажәақәа рыла Милена "Голос. Дети 2" далахәын. Сынтәа Актәи аканал ҩаԥхьа ааԥхьара лынаҭеит.

"Ари жәабыжь бзиоуп. Ҳара хымԥада Милена лықәгылара ҳахәаԥшуеит. Уаҩ игәы иаахәаратәы иҟоуп асеиԥш иҟоу апроект аԥсуа ӡӷаб дахьалахәхо", — лҳәеит Папԥҳа.

Милена Барцыцԥҳа урыстәылатәии жәларбжьаратәии авокалтә конкурсқәа акыр дрылахәхахьеит. Быжьшықәса анылхыҵуаз аахыс амузыкатә театр "Домисолька" далоуп. Лара дрылахәын Шәача-2014 акультура-музыкатә уснагӡатәқәа, Аолимпиатә хәмаррақәа раркразы ауснагӡатәқәа.

Иахьазы лара лыҽҭылхуеит 2016 шықәса рзы апрокат ахь ицәырҵран иҟоу афильм "За день до Успеха" аҟны.

Уи адагьы лара дрыцықәгылалоит апроект алахәылацәа Диана Хитарова, Арина Данилова, Рагда Ханиева, Мишель Петрович, Лев Аксельрод, Иваило Филиппов.

"Голос. Дети" амузыкатә проект "Голос" иахәҭакуп. Апремиера мҩаԥысуеит асабша, жәабран 20 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0