АҞӘА, мшаԥымза 20— Sputnik. Россельхознадзор атәылахь Ҭырқәтәылатәи абаклаџьан аалыҵ алагалара аркьаҿрақәа анаҭеит ҳәа аанцҳауеит аусбарҭа.
"Ҭырқәтәылантәи аҿкы змоу аалыҵ атәылахь иахьаарго инадҳәаланы Россельхознадзор иаднакылеит аӡбра, аамҭала абаклаџьан аагара ааннакыларц ҳазҭоу ашықәс мшаԥымза 25 инаркны", — аҳәоит аҳәамҭаҟны.
Уаанӡа аусбарҭа адырра ҟанаҵахьан абаклажанқәа ԥшь-партиак калифорниатәи ашәҭтә трипс аҿкы шрылаз азы.
Хәажәкыра анҵәамҭазы Россельхознадзор анапхгаҩы Сергеи Данкверт иазгәеиҭеит Москва Ҭырқәтәылатәи ауҭраҭых аалыҵ аагара зынӡа мап ацәнакыр шалшо. Асанитартә ԥҟаррақәа реилагара иахҟьаны аамҭала иаанкылан
Ҭырқәтәылатәи апырпыли амыҵмыџьи атәылахь ралагалара.
2016 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны Урыстәыла мап ацәнакит Ҭырқәтәылантәи ауҭраҭыхи ашәыри рыхкқәак раагара. Уи адагьы арахь иаҵанакит акәтқәеи ашәишәиқәеи, аџьыкхыш.
Атәылақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа бааԥсхеит Ҭырқәтәылатәи аруаа Урыстәылатәи аҳаирплан анкарыжь ашьҭахь. Абри ашьҭахь Владимир Путин аекономикатә санкциақәа рзы Адҵа инапы аҵеиҩит.