Асахьақәа ажәақәа анырыԥсахуа

Анапаҵаҩра
Асида лырҿиара шымҩаԥысуа апроцесси, лҟазшьеи ртәы еиҭалҳәоит лан Лиалиа Зыхәԥҳа

Асида Зыхәԥҳа 36 шықәса дырҭагылоуп, фы-мыз аналхыҵуаз инаркны лчымазара иахҟьаны, лара илаҳаӡом дыгьызцәажәаӡом, Санкт-Петербургтәи аҳақьымцәа адиагноз шьақәдыргылеит — аҿаҳадагәара.

Асида ауаҩы иаҳасабала лҟазшьа бзиазар, рҿиаҩык иаҳасабала лҟазшьа цәгьоуп уҳәар ауеит, уи шьақәнарӷәӷәоит лмаругақәеи, апластилини иҷабны ишлымоу, аус анылуа лхымҩаԥгашьеи.

"Ус ҟазшьас илымоуп аус анылуа акрыфара шылҭаху лхашҭуеит, аус анылуа улыламкьысроуп, улԥырхагамхар ауп, насгьы иҟалҵаз лнаԥкымҭа ариашара ианалаго бзиа илбаӡом. Сара схала, схала ҳәа ауп дшыҟоу. Лмаругақәа аӡәгьы далакьысаргьы  лҭахӡам", — ҳәа азгәалҭеит Лиалиа Зыхәԥҳа.

Асида идеиак анлызцәарҵлак  илымоу амаругақәа дрыцклаԥшуеит, акы лзымхазар илыԥшаауеит, лҽеибылҭоит, нас аусура лнапы алыркуеит.

"Сахьак аиҿартәышьа лнапы аналылк, апластилин аашьҭыхны, лнапы аҟны илырԥхоит, хәҭа-ҳәҭала илшоит, анаҩсан иахьықәҟалҵо амаруга апластилин ахьылшьуа далагоит, асахьа ақәыҧшылара анышьақәларгылалак анаҩсан ашьшьыҳәа, еиқәҷаб аԥҵара лҽазылшәоит. Лара убысҟак, еилыхха иаалырԥшоит ахаҿсахьақәа иааџьоушьартә еиԥш. Усумҭак лымоуп, иара абла мацара мчыбжьык еиҳаны даҿын, акыр аамҭа дадхалеит", — ҳәа еиҭалҳәоит Асида лусушьа азы лан.

Асида ҟазарала игәылҭәаау, гәыӷрала иҭәу ҭыԥҳауп. Лара гәазыҳәарас илымоуп бзиа илбо актиор Арнольд Шварценеггер ибжьы лаҳарци, дахьиз дахьааӡаз иқалақь Таль (Австриа) аҟны ацареи, ауаа рбара, рааигәа аҟазаара, лхатәы цәыргақәца аиҿкаареи. 

Асида Зыхәԥҳа лҭоурых инарҭбааны шәаԥхьар ҟалоит абра

Ажәабжьқәа зегьы
0