Самсон Ҷанба ихьӡ зху адраматә театр актиор Рауль Ақаҩба иажәақәа рыла, атеатр егьа даргәамҵуазаргьы иара ада ԥсыхәа имам.
"Егьараан исҳәахьеит, иабасҭахыз актиор изанааҭ, аха уи ада сыԥсҭазаара збом, ирацәа имаҷ 30 шықәса иреиҳауп асценеи атеатри срыдҳәалоижьҭеит. Атеатр аҩбатәи сыҩноуп ҳәа сазыҟоуп", — иҳәеит актиор.
Актиор қәыԥш раԥхьатәи ироль анагӡара уадаҩзаргьы, иара есымша игәаҵа иԥхаӡа иҭоуп.
"Ишьақәгылоу атруппа аҟны ҿыц ахәмарра уаналагалак иуадаҩуп актиор қәыԥш изы, аха ҭаацәарак еиԥш аҭагылазаашьа аԥҵан, схы аарԥшра ада хьаа сымамкәа. Аспектакль "Аԥҭа шкәакәа" анықәҳаргылоз иҳауаз ацәаныррақәа иахьанӡа иԥхаӡа сгәалашәараҿ иҟоуп", — ҳәа ациҵеит Ақаҩба.
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аҧсни Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рзы рминистрреи еиҿнакааит авидеопроект ҿыц "Атеатри аԥсҭазаареи". Иара хацыркыуп хәажәкыра 27 рзы ари амш Жәларбжьаратәи атеатр иамшуп азы. Аҧхьаҩ раҧхьаӡа акәны алшара имазаауеит аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу атеатрқәа хҧа — Самсон Ҷанба ихьӡ зхыу адраматә театр, Аурыс драматә атеатр, Аҿар ртеатр, рыҧсҭазаара агәылалара, атеатр апроблемақәеи аихьӡарақәеи актиор хадацәа рҟынтә аилкаара.