АҞӘА, мшаԥымза 22 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Аԥсны Ахада Апарламент аҟны ихаҭарнак Дмитри Шамба ахҳәаа азиуит атәымтәылауаа еиҭамҵуа амазара раархәара амаратори азуразы азакәан апроект, Жәлар Реизара аилатәараҟны. Ари аиҳарак политикатә актуп иҳәеит иара.
Иара иажәақәа рыла ирыдгалоу амаратори азакәаншьаҭала ихьчам.
"Раԥхьаӡа акәны атәымтәылауаа Аԥсны анхарҭақәа раархәара аԥынкылақәа рыҭаразы Аминистрцәа Реидгылаҟны Ақәҵара рыдкылан цәыббра 31 1995 шықәса рзы", — иҳәеит иара.
Иара иазгәеиҭеит анаҩс азин аганахьала урҭ аԥҟарақәа еиҳау амчра шрыҭаз. Урҭ шаныԥшуа 2008 шықәса абҵара акы азы амчра зауз Аграждантә кодекс аҩбатәи ахәҭаҟны. Иара ахәҭаҷ 546 аҟны иарбоуп Аԥсны анхарҭаҭыԥ аазхәар зылшо Аԥсны атәылауаҩ имацара шиакәу.