АҞӘА, мшаԥымза 26 — Sputnik. Еицырдыруа франциатәи аҭҵааратә еилакы iFop иҟанаҵаз азҵаарақәа шьаҭас иҟаҵаны, Sputnik. Агәаанагарақәа иаанацҳауеит Африкеи Ааигәатәи Мрагылареи рҟынтәи амигрантцәа ирыхҟьо ацәгьоурақәа рацәоума ҳәа Франциа атәылауаа рҟынтәи изазҵааз рахьтә 64% ирыԥхьаӡоит атәылаҟны ацәгьоурақәа рхыҵхырҭас иҟоу амигрантцәа роуп ҳәа. Иааидкыланы Франциа атәылауаа амигрантцәа рыцәгьоурақәа ртәы бзианы ирдыруеит. Изазҵааз рҟынтәи 8% роуп азҵаара аҭак аҟаҵара зцәыуадаҩхаз. Атәылаҟны амигрантцәа рыҟазаара ацәгьоуратә ҭагылазаашьа анырра анаҭом ҳәа ирыԥхьаӡоит 28%
Азҵаарақәа мҩаԥнагеит аилахәыра iFop жәабран 3 инаркны жәабран 5 рҟынӡа аинформациатә маҵзура Sputnik азы.
Апроект "Sputnik. Агәаанагара" азҵаараҭара лассы-лассы имҩаԥнагоит: Британиа ду, ЕАШ 1004, Германиа, Франциа – еиуеиԥшым асоциалтәи аполитикатәи зҵаарақәа рзы.
Изызҵаауа еихыршоит шықәсыла, ахаҵара/аԥҳәысра ала, агеографиатә ҭагылазаашьа ала.
Апроект "Sputnik. Агәаанагара" иазку адыррақәа
Ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы жәларбжьаратәи апроект аусура иалагеит 2015 шықәса, ажьырныҳәамзазы. Апроект ацхырааҩс иқәгылеит аҭҵааратә компаниақәа Populus, Forsa, iFop. Апроект "Sputnik. Агәаанагара" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым аҵк ҷыда змоу асоциалтә, аполитикатә зҵаарақәа ирызкны лассы-лассы ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы аҭҵаарақәа мҩаԥнагоит. Sputnik (sputniknews.com) – ажәабжьтәи арадиотәи амаҵзура атәылақәа жәпакы рҟны ахаҭарнакрақәа амоуп. Sputnik шьақәгылоуп асаитқәа, арадио, амобилтә хархәагақәа, асоциалтә каҭақәа рыла.