АҞӘА, мшаԥымза 26 – Sputnik. Аԥсны Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба аиԥылараҟны дықәгыло иҳәеит ганкахьала — Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара астратегиатә арра-политикатә еиҩызара шыҟоу, егьи аганахьала – Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара Аԥсназы амилаҭтәи аҳәынҭқарратәи шәарҭадара акәны ишыҟоу. Абри атәы аҳәоит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә саит.
"Агәра згоит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа шҭышәынтәало. Иара убасгьы агәра хасҵар сҭахуп иахьатәи ҳаиԥыларагьы абри аус аҟны лагалан иҟалоит ҳәа. Ҳара ибзианы иаҳгәалашәоит аимпериа дуқәа ҩба, Урыстәылеи Османтәи ҭырқәтәылеи реиҿагылара ҳажәлар рыԥсҭазаара ишаныԥшыз", — иҳәеит иара.
Аиԥылара алахәылацәа гәаанагарак иазкылсит: Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи иахьатәи реизыҟазаашьа ахԥатәи амчрақәа шракәу иззыхәарҭоу.
Уаанӡатәи аизыҟазаашьақәа хымԥада ирзыхынҳәтәуп рҳәеит аиԥылара алахәылацәа.
Аиԥылараҟны иазгәаҭан Аԥсны имҩаԥнаго абжьаҟазаратә роль. Араҟа иалшоит ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аимадарақәа рымҩаԥгара.
Аԥсуа ган ахьӡала аиԥылара иалахәын Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамил Аӡынба, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чыргба, Арепатриациаз ахеилак анапхгаҩы Вадим Ҳаразиа, Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр анапхгаҩы Олег Дамениа, аҭоурыхдырыҩ Станислав Лакоба, Жәлар Реизара адепутат Таифун Арӡынба, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Инар Гыцба.
Урыстәылатәи аган ахьӡала астол гьыжь иалахәын: Александр Колесников, Иан Зелински, Александр Белов. Аҭырқәа ган ахьӡала — ажурналист Ҳасан Канболат, Ерол Угурлу, Аҳмаҭ Хаԥат.