Гагәылиа: Қырҭтәыла еснагь еиԥш ахы мҩаԥнагеит

© Sputnik Наала АвидзбаАҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә апресс-конференциа.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә апресс-конференциа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Черногориа, Будва ақалақь аҿы имҩаҧысуаз Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵаҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аекспозициа адыркит Қырҭтәыла иҟанаҵаз апротест инамаданы. Аҧснытәи аделегациагьы Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа “ME-TUBES” аҿы инагӡаны ахалархәразы азин рмоуӡеит.

АҞӘА, мшаԥымза 26 — Sputnik. Наала Аҩӡыԥҳа. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аделегациа Черногориа, Будва ақалақь аҿы имҩаҧысуаз Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа “ME-TUBES” ахы аланархәит. Аха, ацәыргақәҵа аҩбатәи амш аҽны Черногориа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра адҵала, аҧсуа делегациа, аамҭа-кьаҿк иалагӡаны, ацәыргақәҵа ахьымҩаҧысуа аҭыҧ ааныжьны ицарц азы абжьгара иҟарҵаз иунарбоит Қырҭтәылеи ҳареи ҳабжьара иахьагьы аибашьра шцо иҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аиҳабы Геннади Гагәылиа апресс-конференциаҟны.

"Сара маҷкгьы сгәы иаахәоит асеиԥш ахьыҟалаз. Иҟалаз аҽазныкгьы зегьы иргәаланаршәоит аибашьра иахьагьы ишцо. Ҳара уаҵәтәи амш ҳазхәыцуазароуп. Ҳазхәыцуазароуп уаҵәтәи ҳԥеиԥш. Ҳазхәыцуазароуп ҳаҩныҵҟа ҳхымҩаԥгашьа", — иҳәеит Гагәылиа.

Инаҵшьны иазгәаҭатәуп, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата аделегациа иарбоу ацәыргақәҵа алахәхара, заанаҵтәи аиқәшаҳаҭрақәеи уи азы ироуз ааҧхьареи рыла ишышьаҭаркыз.

Черногориа Аԥснытәи ацәыргақәҵа адыркит

Аҧсны Аҳәынҭқарра аекспозициа, егьырҭ атәылақәа жәпакы рҿы еиҧш, араагьы ауаа рацәаҩны иадныҧхьалеит.

Мшаҧы 23 азы, аҩбатәи ацәыргақәҵатә мшы ахыркәшамҭаз, Черногориа амчратә структурақәа рхаҭарнакцәа, Черногориа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра адҵала, аҧсуа делегациа ацәыргақәҵа ахьымҩаҧысуа аҭыҧ ааныжьны ицарц азы адҵа ҟарҵеит. Аԥсуа ган ари мап анацәнакы астенд абрезент ақәдыршәит.

"Ааԥхьара Черногориа иҳанаҭеит, ауадаҩрақәа – Қырҭтәыла", — иҳәеит Гагәылиа.

Ас еиҧш ахҭыс бааҧс аҭыҧ шамазгьы, Аҧсны, ихьыҧшым ҳәынҭқаррак аҳасабала, ацәыргақәҵа есышықәсатәи алахәылацәа рофициалтә саит иалагалахеит. Иарбоу акаталог ацәыргақәҵа аҭааҩцәеи алахәылацәеи рыбжьара аларҵәара аиуеит.

25-тәи Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа “ME-TUBES” мҩаԥысуан мшаԥымза 21-23 рзы, Будва ақалақь аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0