Амиграциатә маҵзура аусуҩцәа ҩышәҩык рҟынӡа гәарҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАмиграциатә маҵзура аусуҩцәа ареид мҩаԥыргеит.
Амиграциатә маҵзура аусуҩцәа ареид мҩаԥыргеит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аџьармыкьа хадаҟны амиграциатә маҵзура аусуҩцәа ареид мҩаԥыргеит.

АҞӘА, мшаԥымза 26 — Sputnik, Владимир Бегунов. Аҟәатәи аџьармыкьа хадаҟны амиграциатә маҵзура аусуҩцәа ареид мҩаԥыргеит. Урҭ иааныркылеит ҩышәҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Иааныркылаз рдокументқәа гәарҭон. Здокументқәа аилагарақәа рымаз аштраф рзылырҩаауан. Абри атәы ҳкорреспондент иарҳәеит аусбарҭа аусзуҩцәа.

"Акурорттә сезон иалагар мызкахьы ҩынтә ареидқәа мҩаԥаагалоит. Мшаԥымза акы инаркны амчра аиуит авизатә режим азы азакәан. Иара инақәыршәаны аусутә мигрантцәа авизақәа ргалароуп. Иахьатәи ареид еиҳарак аинформациатә ҟазшьа амоуп. Иаанаҳкылаз рдокументқәа ҳрыхәаԥшит, иҟаҵатәу шыҟаҵатәу дҳардырит", — иҳәоит амиграциатә маҵзура очамчыратәи аҟәша аиҳабы Асҭамыр Ҭраԥшь.

Амиграциатә маҵзура адыррақәа рыла ҵыԥхтәи ашықәс азы иҭаҩын 8 000-ҩык рҟынӡа амигрантцәа. Аиҳарак урҭ Узбексҭани Таџьыксҭани рҟынтәқәа роуп. Иҟоуп акореицәа, акитаицәа.

"Сынтәатәи ашықәс иалагӡаны аусуразы азин рыҭоуп 2 373-ҩык амигрантцәа", — иҳәоит Амиграциатә маҵзура аусуҩ Виачеслав Бганба.

Иара иазгәеиҭеит аусурақәа зегьы мҩаԥызго Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аконсултә маҵзура ауп ҳәа. Аусутә виза шықәсык хынҩажәа доллар иаԥсоуп, фымз — ЗО доллар. Абри ашьҭахь дара амедкомиссиа иахысроуп, ареспубликаҟны аусура азин рызҭо ашәҟәқәа реиқәыршәаразы.

Амиграциатә маҵзура аусзуҩцәа аформа ҿыцқәа рырҭоит

"Аусуразы азин иарбоу апроцедурақәа рышьҭахь ф-нызқьмааҭ артәоит, авиза ахаҭа — 1800 мааҭ, ашәахтә ҷыда — 1500 – 2000 мааҭ. Иааидкылан шықәсыбжак — 15-18 нызқьмааҭ. Урыстәыла аасҭа ари еиҵоуп", — иҳәеит Бганба.

Иара иҳәеит 2015 шықәса рзы атәымтәылауаа аҳәаанырцә ишырышьҭыз миллиардки 700 миллион мааҭ аԥара. Абиуџьет ахь иаларгалеит 25 миллион мааҭ.

Амиграциатә маҵзура аусуҩцәа ишҳарҳәаз ала аҭаҩратә документқәа ахьрымам азы иаанкыло ирыршәахоит ахараԥса – 4 800 мааҭ инаркны 6 000 мааҭ рҟынӡа, аусураз азин амамзааразы ахараԥса иартәоит – 7 800 мааҭ инаркны 9 000 мааҭ рҟынӡа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра алалареи алҵреи рзы аԥҟарақәа" инақәыршәаны 2016 шықәса мшаԥымза 1 инаркны иалагалахеит авизатә режим. Арахь иаҵаркхом Урыстәыла, Никарагуа, Тувалу, Аахыҵ Уаԥстәыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0