Аԥсныҟа атуристцәа раара хәынтәны еизҳауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апортал TURIZM.RU имҩаԥнагеит аилахәырақәа ргәыԥ Travel Business Service 2016 шықәса рзы иаҭиз апутевкақәа ранализ.

АҞӘА, мшаԥымза 27 – Sputnik. 2016 шықәса рзы Аԥсныҟа атурқәа ринтерес хәынтәны еиҳауп, ҳәа аанацҳауеит апортал TURIZM.RU, аилахәырақәа ргәыԥ Travel Business Service ианаҭаз аинформациа шьаҭас иҟаҵаны.

TURIZM.RU адыррақәа рыла Аԥсны аԥхынтәи ахырхарҭақәа рыла абыжьбатәи аҭыԥ ааннакылоит.

Атуристцәа рзы еиҳа аинтерес рыҵаны иҟоуп Кипр, Бырзентәыла, Урыстәыла.

Кипри Бырзентәылеи рахь иаахәоу апутиовкақәа ҵыԥхтәи ашықәс иаҿҳарԥшозар акыр еиҳауп.

Ажәабжьқәа зегьы
0