АҞӘА, мшаԥымза 27 — Sputnik, Астанда Арӡынԥҳа. Акультура аминистрра аҟазауаа аус адырулеит Аԥсны акультура аҿаиара аконцепциа. Иара ианыԥшит атәыла акультуратә политика ахықәкы хадақәеи аусдҵа хадақәеи. Аконцепциа иазыԥхьагәанаҭоит атрадициатә культуратә беиарақәеи аҭоурых-культуратә ҭынхақәеи реиқәырхара иара убасгьы ҳаамҭазтәи акультуратә тенденциақәа рырҿиара, лҳәеит Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа ахаша, мшаԥымза 27 рзы.
"Аконцепциа иҳәаарку документуп, аха иара убри аамҭазы программатә документнгьы ишьоуп. Иара аус адааулеит атәыла Ахада инапынҵала, еиуеиԥшым агәаанагарақәеи аԥсуа закәанԥҵареи азыԥхьагәаҭаны. Иара убри аан абри ахырхарҭа аганахьала атәылақәа жәпакы рԥышәа ҳазхьаԥшит. Адокумент нашьҭхоит ахәаԥшразы Аминистрцәа Реилазаарахь", — ҳәа азгәалҭеит Арсалиаԥҳа.
Акультура аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа инаҵшьны иазгәеиҭеит ихьчатәу аобиектқәа рганахьала аҳәынҭқарратә сиа нагӡа ашьақәыргылара азҵаара ахымԥадатәира.
"Ари даара акрызҵазкуа усуп. Аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара аҳәынҭқарра мацара анапы иузанҵом. Ара иазхьаԥштәуп адунеитә практикаҟны рхы иадырхәо аметодқәа", — иҳәеит иара.
Уи адагьы аиԥылараҟны ишазгәаҭаз еиԥш Аԥсны акультура арҿиара аконцепциа ианыԥшуеит анаука-лабораториатә усурақәа рымҩаԥгареи аҭоурых-культуратә обиектқәа рконсервациазы аусурақәеи аиҭашьақәыргыларатә усурақәеи рымҩаԥгареи рхымԥадатәира.
Адокумент аҟны иарбоуп жәлар рнапҟазареи, аҳаԥшьаӡреи, акыцӡреи акерамикатә аалыҵқәеи ртехнологиа аиҭашьақәыргылара ахымԥадара; Аԥсны аҭоурыхи акультуреи рбаҟақәа ИУНЕСКО асиа алагаларазы адипломатиатә каналқәа ахрархәареи жәларбжьаратәи аимадарақәа ахрархәареи; Аҭоурыхи акультуреи рбаҟақәа рыхьчара аусхк аганахьала жәларбжьаратәи аконвенциақәа Аԥсны ралархәра; Аԥсны аҵакырадгьыл аҟынтәи азин шьаҭа ыҟамкәа иалган иго акультуратә беиарақәа рырхынҳәра.
Атәыла Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа адокумент ахәшьара ҳаракы аиҭеит.
Иара ажәалагала ҟаиҵеит аконцепциахь иацҵазарц апунктҵаҟа – аԥсуа жәлар ретно-культуратә хыҵхырҭеи аԥсуа милаҭра атрибутқәеи рхыҵхырҭа акзаара акәны ишьаны аԥсуа бызшәа адгылареи арҿиара аҭареи рзы аҭагылазаашьақәа раԥҵаразы. Ельвира Арсалиаԥҳа ажәалагала дақәшаҳаҭхеит, иазгәалҭеит иара шазыԥхьагәаҭахо.
"Адокумент нашьҭхоит ахәаԥшразы Аминистрцәа Реилазаарахь", ҳәа азгәалҭеит Арсалиаԥҳа.