АҞӘА, мшаԥымза 27 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Орҳан Ашамба ихьӡ Аԥсны ирдыруеижьҭеи акыр шықәса ҵуеит. Иқәыԥшра ашықәсқәа инаркны иара иҭоурыхтә ԥсадгьыл дазҿлымҳан, ҳәа иҳәеит Орҳан Ашамба диижьҭеи 90 шықәса ихыҵра иазкыз аилатәара аартуа Аԥсны Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Вадим Ҳаразиа.
"Орҳан Ашамба еиҳарак ихьӡ нарҭбааны ирдыруа иҟалеит 1975 шықәсазы, Ҭырқәтәылантәи раԥхьатәи аԥсуаа рделегациа дацны данаа нахыс. Ҳџьынџьуаа Аԥсныҟа рааразы илшара дууп Орҳан Ашамба. Иара Аԥсны даҭааны ианыиба нахыс, еиҳагьы аԥсуара гәцареикит, аԥхьа иргыланы ҳџьынџьуаа рыбжьара аԥсуа бызшәа амырӡреи ашьҭыхреи дазҿлымҳан", — ҳәа иҳәеит Вадим Ҳаразиа.
Аҭоурых аӡыблара иахҟьаны 19-тәи ашәышықәсазы ихдырҵәаз ҳауаажәларр рхыԥхьаӡараҿ иҟан Орҳан Ашамба иҭаацәа. Атрагедиатә хҭысқәа рыхганы рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәраз, аибабара рыбжьалап хәа иазааԥсоз, адиаспора аидкылараз гәыӷрала иҭәыз дреиоуоп Орҳан Ашамба.
1975 шықәсазы Орҳан Ашамба Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа данцоз иигаз ашәҟәқәа иреиоуп аԥсуа анбан, иара уи ала аԥсуа бызшәа зирҵаз рацәаҩуп.
"Зхатәы бызшәеи, аҵасқәеи, ақьабзқәеи, алеишәеи ныҟәызгоз аԥсуа хаҵан. Апатриот ду Орҳан Шамба аԥсуара шаҟа дахӡыӡаауаз, иара ишныҟәигоз ауаа ирдыруан, ииҿаԥшозгьы рацәаҩын. Абыргцәа рҳәамҭақәа анҵаны аԥсуа ҵарауаа ирзааишьҭон. Аԥснытәи афольклор ҵарауаа рзы уи цхыраагӡа дуун. Знык иадымхакәа дызбаз, иҿцәажәаз ауаҩы насыԥ иман, иҟазшьа ҟәымшәышә ауаа хнахуан, сара ибзиаӡаны исгәалашәоит раԥхьаӡа акәны Ҭырқәтәылантә ҳџьынџьуаа Аԥсныҟа ианааз, иахьыҩназ асасааирҭа аҟны ҳанрыҿцәажәоз, шаҟа ргәы былуаз дара", — ҳәа игәалашәарақәа дырзааҭгылеит Аԥсны ахада иабжьагаҩ Владимир Занҭариа.
Аԥсуара амырӡра, ахатәы бызшәа аҳәара аҳра ауан Орҳан Ашамба иҭаацәараҟны.
"Ԥсуаҵас иишаамзар ҟалап саб иахцәажәара, иара дзеиԥшраз ҳәа ажәакала исҳәоит –даԥсыуан, ихы инаркны ишьапаҟынӡа, ишьа-ида иҭаз аԥсуа шьакәын, иара уи зегьы ҳара ихәыҷқәа иҳалаиааӡон. Иара иҟынтә ауп ишаҳдырыз ҳтоурых, ҳбызшәа, аԥсуа леишәа", — ҳәа иаб дыигәлаиршәоит Орҳан Ашамба иԥа, Ҭажьу Ашамба.
Орҳан Ашамба 40 шықәса инареиҳаны иҩуаз амшынҵа иԥха Зеррин Ашамба лнапы аҟны иҟоуп. Ҳаԥхьаҟа аԥхьаҩцәа рҟынӡа анагараз алшара ҟалап ҳәа агәыӷра аадырԥшуеит.
"Саб игәаларшәараз иҟаҵоу ауснагӡатәқәа рзы иҭабуп ахысҳәаауеит. Аҭоурых амырӡразы инаигӡоз аус баша имиасит, иахьа аимадара ҳабжьуоп, бзиа ҳаибабоит ҳашьцәеи ҳареи", — ҳәа лҳәеит аиубилеитә еилатәара иаҭааз Осман Ашамба иԥҳа, Зеррин Ашамԥҳа.
Орҳан Ашамба диит 1926 шықәсазы, мшаԥымза 10 аҿны, Ҭырқәтәыла. Иара зых иақәиҭу ақәԥаразы Ҭырқәтәыла дачемпионхахьан, иреиӷьу ақәԥаҩцәа дыруаӡәкын. Орҳан Ашамба, иҵабыргны, аԥсадгьыли аԥсуа диаспореи ацҳа рыбжьазҵаз, реимадара, рус еицура иахаҵгылоз, иазааԥсоз дыруаӡәкыуп.