Аоппозициатә мчрақәа рблок аилатәара мҩаԥыргеит

© SputnikАҭыпантәи афото.
Аҭыпантәи афото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аоппозициатә мчрақәа рблок (АМР) ахаша, Аҟәа имҩаԥыргеит Аԥсны асоциал-политикатә ҭагылазаашьа алацәажәара.

АҞӘА, мшаԥымза 28– Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аоппозициатә мчрақәа рблок (АМР) ахаша, Аҟәа имҩаԥыргеит Аԥсны асоциал-политикатә ҭагылазаашьа алацәажәара. Ареферендум амҩаԥгаразы аԥшьгаратә гәыԥ анапхгаҩы Даур Ҭаниа адырра ҟаиҵеит анапаҵаҩратә бӷьыцқәа 19 226 шеизго, урҭ Ацентртә алхратә комиссиахь ишынашьҭу.

"Иаԥшьаагаз ареферендум амҩаԥгара азакәаншьаҭа амоуп. Дарбанызаалак ауаҩы игәыӷрақәеи иҭахрақәеи рынагӡара алзыршо методуп. Сара исзеилкаауам атәыла амчрақәа уи усҟак изацәшәо", иҳәеит Ҭаниа.

Аоппозициатә мчрақәа рхаҭарнакцәа иахьатәи Аԥсны асоциал-економикатәи аполитикатәи ҭагылазаашьа акритика азыруит. Хаҭала афонд "АԤРА" апрезидент Аслан Бжьаниа иназыцҵоу ашәахтәԥса дазааҭгылеит.

Амчреи аоппазициеи рхаҭарнакцәа реиԥылара

"Алагаларатә НДС ахәқәа шьҭнахуеит. Иара иахҟьаны ирацәаҩуп абизнесуаа збизнес аангылаз, аусурҭаҭыԥқәа ыӡуеит, атәылауаа раахәаратә ҭагылазаашьа лаҟәуеит", — иҳәеит иара.

Атәылахь аинвестициақәа радыԥхьаларазы аԥсуа економика иазхом иахьазы иҟоу азакәанԥҵаратә база ҳәа азиԥхьаӡоит Бжьаниа.

"Абизнес неиуеит иара аинтересқәа ахьыхьчо. Иахьазы абизнес знапы алаку ауаҩы иҵаӷьычра ҟалом. Ишьапы дықәгылартә еиԥш аҭагылазаашьақәа иҭазароуп. Иахьазы усеиԥш иҟам", — иҳәеит иара.

Аслан Бжьаниа ареспублика аекономика иамоу аԥеиԥшқәа уреигәырӷьартә иҟам ҳәа азиҳәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0