Аҭоурыхҭҵааҩ: Воронов аибашьраан иҟаиҵаз аӡәгьы илымшацт

© Sputnik Наала АвидзбаВоронов изкыу аԥхьарақәа иахьа имҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҭоурыхтә факультет аҿы
Воронов изкыу аԥхьарақәа иахьа имҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҭоурыхтә факультет аҿы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Воронов изкыу аԥхьарақәа иахьа имҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҭоурыхтә факультет аҿы, дара азкын Иури Воронов 75 шықәса ихыҵра аиубилеи.

АҞӘА, мшаԥымза 28 – Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет астудентцәеи арҵаҩцәеи анаукатә-практикатә конференциа мҩаԥыргеит, иара изкын акырзҵазкуа аԥсуа аҵарауаҩ, ауаажәларратә усзуҩ Иури Воронов. 

Иара дпатриот дуун Аԥсны азы, ҳәа азгәеиҭеит аҭоурыхҭҵааҩ, апрофессоор, Иури Воронов иҩыза Валери Бигәаа.

"Сара даара ибзианы дыздыруан, 20 шықәса кабинетк аҿы аус еицаауан АБНИИ. Аибашьраан иҟаиҵаз макьана аӡәгьы илымшацт. Иара адунеи иазеиҭеиҳәон Аԥсны шыҟоу, аибашьра амзызқәа деилиркаауан. Иахьатәи аконференциақәа аҵак ду рымоуп. Астудентцәа Иури Воронов дырдыруеит, иара иусумҭақәа рыла аҵара рҵоит, дара рхала рхатәы гәаанагара ҟарҵар ҟалоит иара иԥсҭазаареи иусуреи рганахь ала", — иҳәеит Бигәаа.

Амагистр Сарика Џьынџьалԥҳа еиҭалҳәеит аҵарауаҩ илагала ҳҭоурых аҿы ишыраҵәоу, еиҳаракгьы Аџьынџьтәылатә еибашьра ааны. 

"Иури Николаи-иԥа Воронов Урыстәылеи Европеи аԥсуа жәлар ргеноцид атәы раԥхьа ирзеиҭазҳәаз дыруаӡәкуп. 50 қәгылара иман телехәаԥшрала, арадио аҿы, 100 инарзынаԥшуа аматериалқәа акьыԥхь рбеит. Иара иҟаиҵаз атәы аҳәара даара ицәгьоуп археологиаҿгьы, аполитикаҿгьы", — лҳәеит лара.

Воронов изкыз асеминар Ҵабал имҩаԥысит

Аҭоурыхтә факультет, аԥшьбатәи акурс астудент Тарашь Хәытаба иазгәеиҭеит Воронов алитературахь ишалеигалаз аилкаара «цебельдатәи акультура»

"Иара акыршықәса археологиатә ҭҵаарақәа мҩаԥигон Ҵабал. Уи адагьы Иури Николаи-иԥа Воронов аинформациатә қәԥара мҩаԥигон Қырҭтәыла аҿаԥхьа. Иара "Белаиа книга" ҭижьит аибашьра ахьынӡацоз", — иҳәеит астудент

Иури Воронов иҩызеи, иколлегие Олег Бӷажәба даара деигәырӷьоит арҭ аконференциақәа есымша иахьымҩаԥырго, аҿар аинтерес ахьырзаҵо. 

"Астудентцәа рааӡараҿы арҭ аконференциақәа рлагала дууп. Иара раԥхьатәи профессору пари ауниверситет аҿы, ара алекциақәа дрыԥхьон, иара убас Сорбонна, Лондон, Париж. Ажәахәқәа аинтерес рыҵоуп", — иҳәеит Бӷажәба.

Археолги, кавказҭҵааҩи Иури Воронов диит лаҵарамза 8 1941 шықәса рзы Ҵабал. 1991 иара депутатс далхын Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахь. Хәажәкырамза 1992 шықәса инаркны ԥхынҷкәын 1993 шықәсанӡа иара Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аҿы ауаҩы изинқәеи жәларбжьартәи аизыҟазаашьақәеи рзы акомиссиа деиҳабын. 1993 шықәса рзы Аԥсны Аминистрцәа Рсовет ахада ихаҭыԥуаҩыс далхын, 1995 аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс.

Иури Воронов 500 инареиҳаны анаукатә кьыԥхьымҭақәа дравторуп, уахь иаҵанакуеит 30 монографиа.

Иури Воронов дыршьит цәыббрамзазы 1995 шықәса рзы иара иуаҭа аҟны Аҟәа. Анышә дамардеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ааигәара. Аҳҭнықалақь амҩадуқәа руак ихьӡ ахыуп.


Ажәабжьқәа зегьы
0