29 шықәса зхыҵуа швеицариатәи асахьаҭыхыҩ Огиустин Роберте, ҳкорреспондент Инна Џьениаԥҳа илзеиҭеиҳәеит Аԥсныҟа иаара атәи иара изы аҟазара иамоу аҵаки ртәи.
– Огиустин, иаҳзеиҭаҳә аус здууло атәы.
– Сара аиҳарак снапы злаку афотоҭыхроуп. Сара 17 шықәса анысхыҵуаз аромантикатә ҟазшьа змаз ажәеинраалақәа зыҩуан францыз бызшәала, нас афотоҭыхра салагеит, насх – акәыкәлатә мультипликациахь (стоп моушен) сиасит. Сара еснагь сҽысыԥсахуеит, еиуеиԥшым аусхкқәа сыҽрыдызгалоит. Егьырҭ асахьаҭыхыҩцәа аус рыцызуеит. Ҳара аҿыцқәа ҳрышьҭоуп. Сара схатәы дунеи аԥысҵарц сыҽԥысшәоит. Даара бзиа избоит арежиссиор Бастер Китон иҟаиҵоз.
– Ари уара уԥсҭазаара иастильны иҟоума?
– Ари сара сыԥсҭазаароуп. Аҟазара иалнаршоит аидеиақәеи ацәаныррақәеи реимдара. Иҟалоит сара ауаҩы дысԥылар, иагьеилыскаар уи иҭыхра шысҭаху, аус идызулар шысҭаху. Сара исымоуп схатәы идеалқәа, аԥшӡара астандартқәа.
– Уусумҭақәа анаԥуҵо иугәыҵхои?
– Сара сыԥсҭазааратә форманы исшьо – абзиабароуп. Сара иҟасҵо зегьы гәылеи напылеи ауп ишыҟасҵо. Ауаҩытәыҩсатә цәанырра – абри ауп сара иаасырԥшырц исҭаху.
– Асахьаҭыхыҩ иҟазаратә мҩаҿы уадаҩрас иԥыларц иалшозеи?
– Аҟазара ԥынгыла амаӡам.
– Аҟазара знапы алаку ауаҩы еснагь гәыӷрақәак, гәаҳәарақәак имоуп. Уара?
– Сара исҭаху рацәоуп. Агәаҳәарақәагьы рацәаны исымоуп. Урҭ гәыԥлагьы еихысшеит: схатәқәа, ауаа зегьы ирзырхоу, маҷк ахагара зҵоу.
– "Ухатә гәаҳәара" атәы ҳауҳәар?
– Набыцра зқәым анасыԥ, абриоуп сара схатәы гәаҳәара. Зегь раасҭа исҭаху арежиссиор бзиа ҳәа сҟаларц ауп.
– Аԥсныҟа аара угәазырԥхеи?
– Иҟалон Ниу-Иорк сцар, мамзаргьы Лондон, аха Аԥсны алысхит. Аԥсны ак еиԥшым тәылоуп. Араҟа аҿиара амҩа шәануп.
– Уара аныҟәара бзиа иубома?
– Ааи. Аконтинентқәа зегьы рҟны сыҟан. Аха заҟа збо аҟара акгьы шысымбац сныруеит.
– Уҟазара аконцепциа хада?
– Аԥсҭазаара хазыноуп. Сымшқәа зегьы идеала иҭәуп. Акызаҵәык – аамҭа маҷуп. Иццаклатәуп.