Асҭамыр Апба иҭыԥ аанижьит

© Sputnik / Томас ТхайцукАсҭамыр Апба.
Асҭамыр Апба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабран 26 2015 шықәса рзы Асҭамыр Апба атәыла Ахада иусбарҭа ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵан.

АҞӘА, лаҵарамза 5 – Sputnik. Асҭамыр Апба иусураҟынтәи ихы дақәиҭартәырц иҟаиҵаз аҳәарала Рауль Ҳаџьымба Адҵа инапы аҵеиҩит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.

Жәабран 26 2015 шықәса рзы Асҭамыр Апба атәыла Ахада иусбарҭа ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵан.

Асҭамыр Шьаликәа-иԥа Апба диит цәыббра 2 1968 шықәса рзы, Аҟәа ақалақь аҟны. Далгеит Н.А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи Ашьхаруаа рышкол № 10. 1990 шықәса рзы далгеит ААУ, аҭоурых-иуристтә факультет.

1992—1993шш. рзы Аԥсуа жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын. 1995 — 2002 шш. – Аԥсны Ахада Иусбарҭа азинтә зҵаарақәа рыҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.

2002 – 2004шш. рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рзы Аусбарҭа напхгара аиҭон.

2004ш. рзы — Ареспублика Ацентртә алхратә комиссиа амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан.

2006 шықәса рзы — ИАЕ "Аквафон GSM" аиурист.

2009 – 2015ш. рзы ИАЕ "Аквафон GSM" азинтә зҵаарақәа рдепартамент адиректор.

Ажәабжьқәа зегьы
0