Аҟәаа Евровидение -2016 аҟны

Анапаҵаҩра
Аԥсны ихигаз ихәыҷраамҭеи, аибашьра аамҭақәа ргәалашәареи, Бырзентәылаҟа ииасреи, Евровидение-2016 иалахәреи ртәы Sputnik Абхазиа апродиусер Амина Лазԥҳа аинтервиу анлиҭоз илзеиҭеиҳәеит абырзен музыкатә гәыԥ Argo асолист, ашьаҭаркҩы Владимирос Софианидис.

Евровидение-2016 61-тәи аконкурс, Стокгольм имҩаԥысраны иҟоу, иалахәуп 42 тәыла. Бырзентәыла ахьӡала иқәгылоит амузыкатә гәыԥ Argo. Argo шьаҭаиркит Аԥсны иалҵыз Владимирос Софианидис.

- Шәара Аԥсны, Аҟәа шәиит. Аха шәаныхәыҷыз аҽа тәылак ахь аиасра шәықәшәеит. Иаҳзеиҭашәҳәа Аԥснытәи шәыԥсҭазаара атәы. Еиҳа шәгәалашәара иазаанхазеи? Ишԥамҩаԥысуаз шәхәыҷра аамҭақәа?

— Ааи, сара сыԥсадгьыл Аԥсны ауп. Уа сиит, аа-шықәса анысхыҵуазнӡа уа сынхон. Аха убарҭ аа-шықәса сызхеит сгәалашәараҟны урҭ аамҭақәа схамшҭуа иаанхарц азы. Аиҳаракгьы исхамшҭуа исзынхеит амандаринақәа илаҳа-лаҳауа рыфҩи аҽаџьара еиԥшым амшын казкази. Схәыҷраамҭа лакәтәылан исгәалашәоит. Ампыл иахьахәлаанӡа ҭаха аҳҭомызт, ҳхәыҷтәы хәмаррақәа ҵҩа рымамызт. Аҟәатәи схәыҷра – хәыҷраҵәҟьан. Иахьа усеиԥшқәа ыҟам. Усҟан сызцыхәмаруаз, сызцыз реиҳараҩык Бырзентәылаҟа нхара ҳәа ииасит. Ҳәарада иҟоуп Аԥсны инхогьы.

- Шәҭоурых ԥсадгьыл ахь шәанбахынҳәи, шәышԥахынҳәи?

— 1993 шықәса ԥхынгәымзазы, ақырҭуа-аԥсуа еибашьра анҵәара рацәак агымкәан ҳҭаацәараҿ ирыӡбеит Бырзентәылаҟа ҳаарц. Аибашьра азыбжа Аҟәа иаҳхаагеит. Аамҭақәа маҷымкәа ишцахьоугьы иахьеиԥш исгәалашәоит абомбақәа рыԥжәара ашьҭыбжь, афатә-ажәтә азымхара, аӡи афымцалашареи рыҟамзаара. Сгәалашәараҿ инхеит акыр уадаҩрақәа. Бырзентәыла ҳара иаҳԥылеит ажәҩан каххаи аҭынчреи, ашәарҭадареи. Аха акраамҭа уахынлагьы саадырԥшуан аибашьра иадҳәалаз сгәалашәарақәа. Уи аахыс Аԥсныҟа сымнеиц, даара ишысҭахугьы…

- Амузыкахь шәыбзиабара шԥацәырҵи? Акыр ҵуама уи шәнапы алакуижьҭеи?

— Схәыҷаахыс амузыка бзиа избоит, еснагь снапы алакын. Иара сашьҭаны сцозшәа ауп зегь шыҟалаз. Раԥхьатәи музыкатә инструментс исымаз аионик (асинтезатор) ауп. Раԥхьатәи сашәа зызку понтиитәи аҿар роуп.

- Раԥхьатәи ашәақәа, аиҳарак ақәыԥшра аамҭазы абзиабароуп иззыркуа. Шәаҳзалацәажәа шәгәыԥ Argo. Иарбан музыкоу шәара инашәыгӡо? Иарбан публикоу шәконцертқәа рахь инеиуа?

— 16 шықәса анысхыҵуаз ишьаҭасыркит агәыԥ Europond. Уи иахьагьы аԥсы ҭоуп. Иара ҳалахәуп: сара, нас Христина Лахана, Костас Топизис, Илиас Кесидис. Апублика акәзар еиуеиԥшым. Ҳара ҳашәақәа зегьы ирызкуп, зегьы ирзаҳҳәоит. Евровидение ҳҽалаҳархәырц ажәалагала анҳарҭа ҳара аконкурс мҩаԥысуанаҵы агәыԥ ахьӡ ҳаԥсахит, Argo ахьӡаҳҵеит. Агәыԥ аилазаарахь иааҳаԥхьеит аҽа хҩык ашәаҳәаҩцәа. Агәыԥ ахьӡ ҿыцгьы ҳара ҳҭоурых ала ицәажәоит, европатәи апубликагьы уи еиҳа еилыркаауеит.

© Фото : с официального сайта ЕвровиденияПортреты музыкантов коллектива Agro
Портреты музыкантов коллектива Agro - Sputnik Аҧсны
Портреты музыкантов коллектива Agro

- Шәгәыԥ ахьӡ ҿыц ҳара ҳҭоурыхгьы иадҳәалоуп: аргонавтцәа, Диоскуриа ақалақь раԥхьатәи ахаҳә шьҭазҵаз роуп. Ишԥаҟалеи иара Бырзентәылагьы зегьы еицырдыруа иҟам агәыԥ атәыла ахьӡала Евровидение ахь ааԥхьара роуа? Ишԥаҟалеи аҳәынҭқарратә канал ERT шәара шәалнакаауа?

— Сара исыдыргалеит ашәа зҩырц, аха иззы сарымҳәеит. Мчыбжьык ашьҭахь сара ашәа адемо-версиа азырхианы ирысҭеит. Ҳгәыԥ апродиусер исҭеит. Мышқәак ааиасхьаны иара иҳаиҳәеит абри ашәа ала ҳара ҳгәыԥ Бырзентәыла ахаҭарнакык аҳасабала аконкурс аҟны иқәгылараны ишыҟаз атәы. Аԥхьаҵәҟьа агәра ҳазгомызт. Нас иҳарҳәеит аканал ERT ҳара ҳашәа адагьы ирацәаны аилыԥшаарақәа шыҟанаҵаз, аха ҳара ҳшалнакааз атәы.

- Избан сынтәа Бырзентәылан абжьааԥнеиԥш бжьыҭирала аконкурс алахәразы алахәылацәа залрымхуаз?

— Ишыжәдыруа еиԥш аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Бырзентәыла афинанстә ҭагылазаашьа уадаҩ амоуп. Убри инадҳәаланы аканал ERT иаӡбеит уи апрактика иацәхьаҵны абасала алхрақәа мҩаԥнагарц. Ус ала ахарџь акыр еиҵахон.

- Шәара Евровидение аҟны инашәыгӡараны иҟоу ашәа ажәақәагьы амузыкагьы шәҩит. Уи ҵакны иамои? Ацәаҳәақәа — “I have experienced a flee when I was young, and I step forward even when I look behind” хаҭала шәԥышәа иадҳәалоу мамзаргьы зыҩнқәа ааныжьны аҽа тәылақәак рахь иахымҵыр ада ԥсыхәа змамкәа аҭагылазаашьа зауз ауаа ирызкны еиҳа инарҭбаау аҵакы рымоу?

— Ашәа иаанарԥшуа сара схатә ԥсҭазаароуп. Аха иара убри аан сара сгәыҵха згәыҵхо зегьы ирызкуп. Абри ашәала сара исҭахын исҳәарц: иҟамлааит аибашьра, иҟамлааит зегь аанзыжьыр ада ԥсыхәа змам ауаагьы. Исҭахуп адунеи зегь аҟны аҭынчра ыҟазар.

- Евровидение аҭоурых аҟны раԥхьаӡа акәны инагӡахоит абырзен бызшәа понтиитәи адиалект ала ашәа. Ахархәара аҭахоит понтиитәи амузыкатә лира. Уигьы шәара ишәхәыцма?

— Ааи.

- Маҷк шәҩызцәа ртәы шәаҳзалацәажәа. Ишыздыруа ала урҭ рҟынтәи ҩыџьа Аԥснытәиқәоуп.

— Ааи. Илиас Кесидиси Христина Лаханаи шьҭрала Аԥснытәқәоуп. Ҳара гәыԥк иалахәу ҳәа адагьы ҳаиҩызцәоуп. Ҭаацәала ҳаиҿцаауеит. Илиас сара дсашьоуп.

- Аҟәаҟа аконцерт мҩаԥыжәгарц аара шәазхәыцхьома?

— Уи даара ибзиан…

- Сгәы иаанагоит шәхатә ԥсҭазаара азы ажәаақәакгьы даара аинтерес рыҵалон ҳәа.

— Сынхоит Салоники. Сҭаацәароуп. Дсымоуп бжьымз зхыҵуа аԥа.

- Аԥсны иқәынхо рзы акыр шәҳәар шәҭахызар?

— Ирзеиӷьасшьарц сҭахуп ажәҩан каххаи аизҳазыӷьареи.

- Аԥсны ауаажәлари хаҭала сыхьӡалеи ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп аманшәалара. Гәык-ԥсык ала исҭахуп Бырзентәыла аҩбатәи аиааира азаажәгарц.

— Иҭабуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0