Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа.
Хәаԥтәи абжьаратә школ аҟны есыҽны еизоит ахәыҷқәа. Урҭ анотақәа шырзымдыруагьы аԥсуа музыкатә инструментқәа рҟны ихәмаруеит.
"Анотақәа рыла макьаназ ҳзыхәмаруам. Аԥхьаҵәҟьа ахәыҷқәа ахәмарра рцәыцәгьан, иҟазгьы ԥышьҩык ракәын. Нас маҷ-маҷ арахь ааира иалагеит", — лҳәоит жәлар ринструментқәа рансамбль "Аҿырпын" анапхгаҩы Алена Зыхәԥҳа.
Лара иазгәалҭоит амузыкатә инструментқәа рҟны ахәмарра ахәыҷы ихаҭара аизҳараҿы, иааӡараҿы, иҵараҿы аҵак ду амоуп ҳәа.
"Жәлар ринструментқәа аинформациа узҭо ракәны иҟоуп: урҭ рҟны ахәмарра ҵо ахәыҷқәа ирҵоит аҭоурых, ажәлар ркультура, уи иахәҭакны рхы рбоит", — лҳәоит Зыхәԥҳа.
Уажәы ансамбль шьақәгылоуп жәаҩаҩык амузыкантцәа рыла. Иҟоуп аиҳабыратә гәыԥгьы. Уи иалахәуп ҩеижәихҩык амузыкантцәа.
"Ахәыҷқәа аиҳарак акәашара, ашәаҳәара бзиа ирбоит. Аха амилаҭтә инструментқәа урҭ ирырҭо иҵегьы еиҳауп. Насгьы иҟоуп ашәара урҭ ҳцәыӡыр алшоит ҳәа", — лҳәоит лара.
Ахәыҷтәы ансамбль анапхгаҩы ишылҳәо ала ахәыҷқәа рнапы злаку ргәы азҭоуп.
Амузыкатә термин ҷыдақәеи аинструментқәа рыхьӡқәеи (аԥхьарца, ахымаа, аҩымаа убас егьырҭгьы) ахәыҷқәа ржәар еизнарҳауеит, рбызшәа арбеиоит ҳәа илшьоит ансамбль анапхгаҩы.
Ансамбль амузыкант Амина Бебиаԥҳа ҩышықәса ҵуеит аԥхьарца алырҳәоижьҭеи. Иара ахьӡ "ԥхьацара" аҟынтәи иаауеит. Ажәытәан аԥхьаррца рыманы инеиуан ихәыз ма ичмазаҩыз иахь. Иарала ихьаа дыртәон. Аибашьрақәа раан ар раԥхьа дгылан днеиуан аԥхьарцарҳәаҩы, ҳәа ҳзеиҭалҳәоит Амина.
Амузыкант қәыԥш Радима Бебиаԥҳа бзиа ибаны иалырҳәоит ачамгәыр. Зны-зынла аҩныҟагьы илгалоит.
"Саԥхьаҟагьы сыԥсҭазаара амузыка иадысҳәалар сҭахуп", — лҳәоит лара.
Аԥсны анҭыҵҟа ансамбль "Аҿырпын" макьаназ ишымцацгьы атәыла аҩныҵҟа акырынтә ақәгыларақәа мҩаԥыргахьеит.