Ахәыҷтәы ансамбль "Аҷандара" Шәача иқәгылоит

© Фото : Рада ЖибаАхәыҷтәы ансамбль "Аҷандара".
Ахәыҷтәы ансамбль Аҷандара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷтәы ансамбль "Аҷандара" ахәаша, лаҵарамза 6 рзы Шәача имҩаԥысраны иҟоу афестиваль ”ART Arena” иалахәхоит.

АҞӘА, лаҵарамза 6 – Sputnik, Владимир Бегунов. Ахәыҷтәы ансамбль "Аҷандара" ахәаша, лаҵарамза 6 рзы Шәача имҩаԥысраны иҟоу афестиваль ”ART Arena” иалахәхоит. Абри атәы ҳзаанацҳаит афестиваль апресс-маҵзура.

Аколлектив анапхгаҩы Есма Ҳагԥҳа лажәақәа рыла ахәыҷқәа инарыгӡараны иҟоуп еиуеиԥшым амилаҭтә кәашаратә номерқәа.

"Ҳара ҳколлектив иалахәуп 15-ҩык. 13-ҩык аӡӷабцәеи ҩыџьа аҷкәынцәеи. Дара асеиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа изныкымкәа рхы рыладырхәхьеит. Ҵыԥх, ҭагалан ҳара Санкт-Петербург имҩаԥысуаз афестиваль “Без границ” аҟны гран-при ҳанашьан", — лҳәоит лара.

Афестиваль анапхгара апресс-маҵзура ишазгәанаҭо ала "Аҷандара" ахәаша, лаҵарамза 6 рзы Шәача имҩаԥысраны иҟоу афестиваль ”ART Arena” иалахәу аԥсуа коллективуп.

Ахәыҷтәы ансамбль "Аҷандара" аԥҵан быжьшықәса раԥхьа, ақыҭа ахада Витали Џьениа иажәалагалала. Ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Адгәыр Кәарҷелиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәылан, ансамбль "Шьараҭын" аҟны дкәашоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0