Амца ԥшьа азыҳәан иҭабуп рҳәоит

© Sputnik Роберт ДжопуаАмца ԥшьа агылара иаҿыгоу амца аҟәырҷаха Аԥсныҟа аагара.
Амца ԥшьа агылара иаҿыгоу амца аҟәырҷаха Аԥсныҟа аагара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амца ԥшьа агылара иаҿыгоу амца аҟәырҷаха Аԥсныҟа аагара традицианы иҟалароуп иҳәеит ацқьацәа, апостол Симон Кананити агәаҟ Евстафии Аԥсилтәи рыхьӡ зху Адоуҳатә фонд ахантәаҩы Леван Адлеиба.

АҞӘА, лаҵарамза 11 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Амшаԥ ныҳәа аламҭалазы Аԥснытәи ақьырсианцәа Иерусалимҟа рцара традициак еиԥшны иҟалароуп ҳәа азгәеиҭеит ацқьацәа Симон Кананити Евстафии Аԥсилтәи рыхьӡ зху Адоуҳатә фонд ахантәаҩы Леван Адлеиба.

"Сынтәа Амца ԥшьа Аԥсныҟа аагара раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит. Анцәа имчала усеиԥш ԥхьаҟагьы иҟалалап ҳәа агәыӷра ҳамоуп", — иҳәеит Адлеиба.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит абри ауснагӡатә амҩаԥгараан ирацәаҩны ацхыраара шыҟарҵаз.

Иналкааны иара иазгәеиҭеит ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аԥсадгьыл" анапхгаҩы Беслан Ешба ицхыраара.

"Хазы иналкааны ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аԥсадгьыл" анапхгаҩы Беслан Ешба. Уи раԥхьатәи амш инаркны ацхыраара дазыхианы дҳавагылан. Аԥаразоужьра аума, аиҿкаара аума иара иакәымзар абри аус ҳзынамыгӡар ҟаларын", — иҳәоит Адлеиба.

Ҳаиқәырхаҩ имҩа ианысит Аԥснытәи анцәахаҵаҩцәагьы

Ақьырсианныҟәаҩцәа ируаӡәкыз аиреи Далмаҭ (Гоԥиа) иара убасгьы Беслан Ешбеи напхгара зиҭо аиҿкаареи ҭабуп ҳәа реиҳәоит.

Мшаԥымза 25 рзы Аԥшьаҭыԥқәа рахь ныҟәара иҟаз Аԥснытәи агәыԥ Палестинатәи автономиа иахьаҵанакуа иҟоу Аԥшьаҭыԥқәа рахь инеиит, Иордан аӡыԥшьа рыҽӡааршьит, иара убасгьы агәаҟ Евстафии Аԥсилтәии апостол Симон Кананити рсахьаҩырақәа мҩаныргеит Претории инаркны Голгофанӡа.

Иерусалимтәи аныҳәарҭақәа рахь Аԥснынтәи аныҟәаҩцәа амҩа иқәлеит Амшаԥ аламҭалазы амца ԥшьа аҟәырҷаха аагаразы. Абри аидеиа цәырыргеит Рауф Ҳаразиеи Леуан Адлеибеи. Амца анҩеилак ашьҭахь Аԥснытәи аныҳәарҭақәа рахь аныҟәаҩцәа хәҩык Шәачаҟа ачартертә реис ала ихынҳәит Амшаԥ аламҭалазы Амца ԥшьа аҟәырҷаха рыманы.

Ажәабжьқәа зегьы
0