"Аԥсадгьыл" ДНР ажәлар рныҳәамш рыдырныҳәалеит

© Sputnik / Игорь Маслов / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Аԥсадгьыл" ДНР ажәлар рныҳәамш рыдырныҳәалеит.
Аԥсадгьыл ДНР ажәлар рныҳәамш рыдырныҳәалеит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Донецктәи жәлар рреспублика асуверенитет азы ареферендум амҩаԥгара ҩышықәса ахҵра азгәарҭоит 2016 шықәса лаҵарамза 11 рзы.

АҞӘА, лаҵарамза 11 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Ҩышықәса раԥхьа Донбасс ауаажәлар рхатәымҩа алырхит ҳәа азгәаҭоуп Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аԥсадгьыл" уахь инанашьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.

"Аԥсни Донецки рлахьынҵаҿы иҟоуп акыр еиԥшра. Ҳҭоурых ҳаназхьаԥшуа уи ус шакәу аабоит. Аиҳаракгьы ХХ, ХХI ашәышықәсақәа раан", аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.

Ашәҟәаҟны иара убасгьы иазгәаҭоуп Аԥсни Донбасси реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа еицырхыргаз аамҭақәа ишрылҵшәоу.

"Ҳара агәра аагоит ԥхьаҟагьы аполитикатәи, аекономикатәи, акультуратәи усхкқәа рҟны ҳусеицура лҵшәа бзиала имҩаԥысраны ишыҟоу", аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы.

Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аԥсадгьыл" анапхгареи алахәылацәеи Донецктәи жәлар рреспублика ажәлар ирзеиӷьаршьоит ахаҵара, агәамч, алшарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0