"Аԥснытәи абырзенцәа" Евровидение афинал ахь изымнеиит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Аԥснытәи абырзенцәа" Евровидение афинал ахь изымнеиит
Аԥснытәи абырзенцәа Евровидение афинал ахь изымнеиит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Швециа аҳҭнықалақь Стокгольм аҿы аҩаша, лаҵара жәаба рзы имҩаԥысит Евровидение актәи афиналбжа.

АҞӘА, лаҵарамза 12 – Sputnik. Швециа аҳҭнықалақь Стокгольм аҿы аҩаша, лаҵара жәаба рзы имҩаԥысит Евровидение 2016 актәи афиналбжа. Иара иалахәыз Бырзентәылатәи агәыԥ Argo афинал ахь изымнеиит. Абри атәы аҳәоит аконкурс аофициалтә саит.

Амузыкатә гәыԥ Argo. - Sputnik Аҧсны
Аҟәаа Евровидение -2016 аҟны

Агәыԥ асолист, Аԥснытәи арԥыс Владимирос Софианидис иинтервиуқәа руак аҟны еиҭеиҳәоит: "16 шықәса анысхыҵуаз ишьаҭасыркит агәыԥ Europond. Уи иахьагьы аԥсы ҭоуп. Иара ҳалахәуп: сара, нас Христина Лахана, Костас Топизис, Илиас Кесидис. Апублика акәзар еиуеиԥшым. Ҳара ҳашәақәа зегьы ирызкуп, зегьы ирзаҳҳәоит. Евровидение ҳҽалаҳархәырц ажәалагала анҳарҭа ҳара аконкурс мҩаԥысуанаҵы агәыԥ ахьӡ ҳаԥсахит, Argo ахьӡаҳҵеит. Агәыԥ аилазаарахь иааҳаԥхьеит аҽа хҩык ашәаҳәаҩцәа. Агәыԥ ахьӡ ҿыцгьы ҳара ҳҭоурых ала ицәажәоит, европатәи апубликагьы уи еиҳа еилыркаауеит".

Актәи афиналбжа аихшьаалақәа рыла афинал ахь днеиит урыстәылатәи ашәаҳәаҩ Сергеи Лазарев. Иара инеигӡон ашәа "You are the only one".

Аҩбатәи афиналбжа мҩаԥысраны иҟоуп лаҵарамза 12 рзы, афинал – лаҵарамза 14 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0