Таҷ Аҩӡба: арҵаҩы, алеитинант, аибашьра афырхаҵа

© Sputnik / Томас ТхайцукТаҷ Аҩӡба
Таҷ Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа иалахәыз Таҷ Аҩӡба иҭоурых ҳзеиҭалҳәеит имоҭа Светлана Конџьариаԥҳа.

Архангелсктәи аушьҭымҭа

Сабду иашьа Таҷ Аҩӡба Афон ҿыцтәи ашкол далгеит. Таҷ даара мчла дыӷәӷәан, дласын. Аицлабрақәа раан зегьы дыриааиуан. Аацытәи ашкол аҟны абаҩырҵәыра риҭон. Даара иҭахын арра ацара.

Таҷ аррахь иԥхьеит 1939 шықәса рзы. Лассы-лассы ашәҟәқәеи ифотосахьақәеи ааишьҭуан. Аԥхьа аррамаҵзура дахысуан Вологодтәи аобласт аҟны, нас Архангельсктәи арратә школ "Выстрел" курсантны дҟалоит. Аҵара даналга ашьҭахь иара уаҟа дааныркылоит иреиӷьӡаз аушьҭымҭа ҳәа.

Аибашьра ианалагаз

Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа ианалага ашьҭахь ашкол аушьҭымҭацәа алеитенант ичын рыҭаны аибашьра ирышьҭит. Иашьеиҵыб иҟынтәи шәҟәеицарсақәак иҵәахит Борис Аҩӡба.

© Фото : предоставлено Светланой КонджарияРодные Тача Авидзба у его мемориала в селе Ставище
Родные Тача Авидзба у его мемориала в селе Ставище - Sputnik Аҧсны
Родные Тача Авидзба у его мемориала в селе Ставище

Саб иашьа Валери Аҩӡба иҩны иҵәахуп х-кәакьк змоу ашәҟәқәа. Урҭ ирықәу амҳәыр иануп "Проверено цензурой". Иахьазы урҭ аамҭа зыԥшшәы агаз бӷьыцқәоуп. Ҩ-шәҟәык ҩын карандашьла, напҩымҭа ԥшӡала, еивҵаԥсаны. Арҭ асалам шәҟәқәа рҟны Таҷ аиааира аагоит ҳәа агәрагара иман. "Мы маршем пройдем по Берлину!" ҳәа рнуп урҭ рҵыхәаҟны.

Аибашьра ду аветеран Паҷ Шьаҳан-иԥа Чанба дылгәалалыршәоит уи имаҭа Мадина Ҷанԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Аибашьра ду аветеран Паҷ Шьаҳан-иԥа Ҷанба иҭоурых

Аҵыхәтәантәи ашәҟәы роуит иҭаацәа 1943 шықәса рзы. Аибашьра ашьҭахь Борис Аҩӡба даара иҽишәеит иашьа иҭоурых еиликаарц, аха ишәҟәқәа зегьы ҭакны ироуаз "Пропал без вести" акәын.

Афырхаҵа иҭахара

Шықәсқәак рышьҭахь Борис Аҩӡба ихьӡала иааит ашәҟәы, Житомиртәи аобласт, ақыҭа Ставишьче аҟны инхоз Нина Уасил-иԥҳа Пилипчук лҟынтәи. Лара илыҩуан алеитенант еиҳабы Таҷ Аҩӡба иҭахара шаҳаҭцәас иамоу ауаа шыԥшаау. Ижәлеи иҭыӡҭыԥи еилкаан ихәда ихшьыз ажетон ала.

1943 шықәса анҵәамҭазы аибашьра шьаарҵәыра цон Попелианск иахьаҵанакуаз. Таҷ зхадараҿ дыҟаз аԥшыхәцәа ақыҭа Ставишьче рыхьчон. Ажәыларақәа руак аан амчқәа анеиҟарамыз, дырхәуеит. Ақыҭа аҩнқәа руак ахь днаргоит.

Афашистцәа аԥыжәара ганы ақыҭа рымпыҵархалоит. Таҷи иҩызеи аҵыхәтәантәи апатрон аҟынӡа аӷа иҿахысуан. Иагьҭахоит.

Аԥснынтәи Украинаҟа

Борис иашьеиԥа Сафер Аҩӡба диҳәеит Украинаҟа дцарц. Уи уахьынтәи иааигеит Таҷ инышәынҭра афотосахьа. Аҭаацәара реилацәажәараан иӡбан Украинаҟа рҽааидкылан еиццарц. Аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны иалшомызт. Ус, 1992 шықәса рзы Аԥсны аибашьра иалагеит.

© Фото : предоставлено Светланой КонджарияПамятник Тачу Авидзба на Украине в селе Ставище
Памятник Тачу Авидзба на Украине в селе Ставище - Sputnik Аҧсны
Памятник Тачу Авидзба на Украине в селе Ставище

Аамҭақәа акырӡа цахьаны, хышықәса раԥхьа Таҷ иуацәа неиит Ставишьче, Аиааира амш аламҭалазҵәҟьа. Арахь иааргеит идгьыл анышәнап. Уи аҭыԥантәи ауахәамаусзуҩ иԥшьаны украинатәи адгьыл инақәиԥсеит.

Еизаз рылаӷырӡқәа рзыҵәахуамызт. Ақыҭа Ахада Иури Стасиук иҳәеит "Аӡәгьы дырхашҭуам, акгьы рхашҭуам. Уи ус шакәу иахьа ҳара ибзиаӡаны иаабоит. Абрахь иааит Таҷ Аҩӡба иҭахыра. Ҳқыҭеи аԥсуа қыҭа Ааци еизааигәахеит" ҳәа.

Аҭакс Валери Аҩӡба иҳәеит Ставишьче шьҭарнахыс дара рзынгьы ишгәакьахаз. Таҷи иҩызцәеи Асовет Еидгыла ду еиқәдырхон. Иара Аԥсныҟа иааиԥхьеит ақыҭауаа. Аԥсны, иԥсыз ргәалашәара амш аҽны Таҷ инышәынҭра ҳәа иалхны ирымаз агәы инықәрыԥсеит украинатәи анышәаӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0