Апроект "Атеатри аԥсҭазаареи" иациҵоит артист, арежиссиор Алхас Шамба

Анапаҵаҩра
Самсон Ҷанба ихьӡ зху адраматә театр актиор, арежиссиор Алхас Шамба Sputnik иазеиҭеиҳәеит иихәмархьои арольқәеи, иқәиргылахьо аспектакльқәа ирылыикаауеи, иахьа аус здыиуло аспектакли ртәы.

Самсон Ҷанба ихьӡ зху адраматә театр актиор, арежиссиор Алхас Шамба атеатр ахь дааит режиссиорк иаҳасабла.

"Атеатр ахь сааит сара режиссиорк иаҳасабла, раԥхьа иқәсыргылаз апиеса иахьӡын "Амаалықь", актиорк иаҳасабла раԥхьатәи ароль насыгӡеит Валери Ақаҩба иқәиргылоз "Гәараԥаа рписар" апиеса аҟны", — ҳәа иигәалаиршәоит Алхас Шамба.

Иахьатәи аамҭаз арежиссиор Самсон Ҷанба идраматә ҩымҭа "Амҳаџьыр" ақәыргылараз аус адиулоит.

"Самсон Ҷанба идраматә ҩымҭа "Амҳаџьыр" ақәыргылараз аусра ҳаҿуп. Ҳәара аҭахума, унапы злаукыз зегьы еиҿкааны иҟауҵарц уҭаххоит, убри аҟынтә ҳҽазҵәылхны, абырцкал икылхны, ахәыԥшҩы иҟынӡа инаагарц азы аусура ҳаҿуп. Иалҵуа аабап ", — иҳәеит арежиссиор.

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аҧсни Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рзы рминистрреи еиҿнакааит авидеопроект ҿыц "Атеатри аԥсҭазаареи". Иара хацыркыуп хәажәкыра 27 рзы, ари амш Жәларбжьаратәи атеатр иамшуп азы. Аҧхьаҩ раҧхьаӡа акәны алшара имазаауеит аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу атеатрқәа хҧа — Самсон Ҷанба ихьӡ зхыу адраматә театр, Аурыс драматә атеатр, Аҿар ртеатр, рыҧсҭазаара агәылалара, атеатр апроблемақәеи аихьӡарақәеи актиор хадацәа рҟынтә аилкаара.


Ажәабжьқәа зегьы
0