Аҟәа ақалақь-партниорқәеи ақалақь-еишьцәеи

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа ақалақь ахадара.
Аҟәа ақалақь ахадара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳҭнықалақь раԥхьа ақалақь-ешьа амоуп ҳәа ҩынҩажәа шықәса раԥхьа иҳәан. Уи аахыс адунеи еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟны асеиԥш иҟоу аҭыԥқәа акыр цәырҵхьеит.

Sputnik акорреспондент Владимир Бегунов абри аганахьала аусеицурақәа шымҩаԥысуа ртәы иалҳәеит Аҟәа Ахадара жәларбжьаратәи аимадарақәа рыҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ирина Шониаԥҳа.

- Ирина Анатоли-иԥҳа, Аҟәа ақалақь-еишьцәа ԥшьба амоуп: шотландиатәи Килмарнок, ҭырқәтәылатәи Адаԥазары, Бырзентәылатәи Ахарне, гваделупатәи Пуент-А-Питер. Урҭ рыдагьы – ақалақь-партниорқәа жәпакы. Абри атәы аҳәоит Ахадара асаит аҟны. Урҭ еиуеиԥшымрас ирымозеи?

— Еиԥшымзаара рымам. СССР аҵакырадгьыл аҟны иҟоу ақалақьқәа ақалақь-партниорқәа ҳәа ҳрышьҭоуп, ахара дгьылқәа рҟны иҟоу ақалақь-еишьа ҳәа. Урҭ зыӡбахә шәҳәаз ақалақьқәа зегьы еицырдыруеит избанзар ираԥхьатәиқәоуп. Дареи ҳареи ҳабжьара аиқәшаҳаҭрақәа мҩаԥган асовет аамҭақәа раан. Аиқәшаҳаҭрақәа ҳабжьоуп Краснодар, Черқьесск, Архангельск, Степанокерт, Улан-Уде, Тирасполь, Сан-Антиоко уҳәа ақалақьқәеи ҳареи. Уажәы архиара ҳаҿуп аҽа ԥшь-қалақьки Аҟәеи рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа.

Аҟәа ақалақь Ахадара жәларбжьаратәи аимадарақәа рыҟәша аиҳабы Ирина Шьониаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Шьониаԥҳа: Аҟәа ақалақь Ахадара адныҳәаларатә шәҟәы рацәа аиуит

- Асеиԥш иҟоу аиқәшаҳаҭрақәа иҳарҭои?

— Аиҳарак–аспорттәи акультуратәи программақәа ҳхы рылаҳархәуеит. Иҟоуп ақалақьқәа Аԥсны еиҳа иуадаҩыз аамҭақәа раан ацхыраара азҭоз. Иаҳҳәап: Килмарнок. Килмарнок игылоуп ақырҭуа-аԥсуа еибашьра иалаӡыз рбаҟа, Аҟәа иҟоуп Шотландиа захьӡу амҩаду. Адаԥазары акәзар аамҭақәак раԥхьа ахымхәацәа рыцхырааразы агуманитартә еидара аанашьҭит. Ҳара ҳганахь ала, иаҳҳәап Пицунда аԥхын ахәыҷқәа рыԥсшьара еиҿнакаауеит.

- Аҟәа 2500 шықәса ахыҵра амҩаԥгараан атәымҳәынҭқарратә делегациақәа ҳарзыԥшума?

— Урыстәылатәиқәа хымԥада иҟалоит. Инахароу атәылақәа рҟынтәи макьаназы ҭырқәтәылатәи аделегациоуп ҳаззыԥшу. Урҭ ауснагӡатәқәа рхы шрыладырхәуа азгәарҭахьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0