Адиспансеризациа иаанарԥшит ашьақар чмазара зыхьуа шырацәаҩу

© Sputnik, Бадрак АвидзбаАдиспансеризациа актәи аетап аихшьаалақәа.
Адиспансеризациа актәи аетап аихшьаалақәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра иҟанаҵеит Очамчыра араион аҟны имҩаԥгаз адиспансеризациа актәи аетап аихшьаалақәа.

АӠҨЫБЖЬА, лаҵарамза 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра иҟанаҵеит Очамчыра араион аҟны имҩаԥгаз адиспансеризациа актәи аетап аихшьаалақәа. Урҭ иаадырԥшит еиуеиԥшым ачымазарақәа шыҟоу, урҭ рхыԥхьаӡараҟны ашьақар чмазарагьы лҳәеит араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Мадонна Кьышьмариаԥҳа.

Лара лажәақәа рыла агәы-шьадатә чмазарақәагьы маҷымкәа иаарԥшуп.

Амобилтә поликлиника - Sputnik Аҧсны
Ҵахнакьиа: амобилтә поликлиника иаарласны аусура иалагоит

"Адиспансеризациа амҩаԥгаразы ахархәара аман еиҭаҵуа аполиклиника. Иара еиҿкаан Очамчыра араионтә хәышәтәырҭеи Аҟәатәи ахәышәтәырҭақәеи рҳақьымцәа рыла. Зынӡа 46-ҩык амедицинатә усзуҩцәа алахәын адиспансеризациа", — лҳәеит Кьышьмариаԥҳа.

Аусурақәа мҩаԥысуан ҩымз инарзынаԥшуа.

"Аусурақәа мҽхакы ҭбаала имҩаԥган. Ари ихықәкытәу программоуп. Ԥхьаҟагьы еизго аматериалқәа аус рыдулахоит", — иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов.

Гал араион аҟны адиспансеризациа мҩаԥысраны иҟоуп иааиуа амчыбжь азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0