Беслан Барцыц атәыла Ахада Иусбарҭа аиҳабыс дҟаҵоуп

© Sputnik Томас ТхайцукБеслан Барцыц
Беслан Барцыц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рауль Ҳаџьымба Идҵала Беслан Барцыц атәыла Ахада Иусбарҭа аиҳабыс дҟаҵоуп

АҞӘА, лаҵарамза 17 мая – Sputnik. Рауль Ҳаџьымба Идҵала Гагра араион Ахада Беслан Барцыц атәыла Ахада Иусбарҭа аиҳабыс дҟаҵоуп. Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.

Беслан Барциц диит ԥхынгәы 22 1978 шықәса рзы Гагра. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет доушьҭымҭоуп.

2007 — 2009 рзы Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ ицхырааҩыс аус иуан.

2012 шықәса рзы Аԥсны Жәлар Реизарахь депутатс далхын.

2014 шықәса рзы гагра араион Ахадас далырхит.

Дҭаацәароуп. Ҩыџьа ахшара драбуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0